Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, ҧхынҷкәын 1 инаркны, аресторанқәа аусуратә сааҭқәа рзы ирзышьақәыргылаз аҧкра аҧыххоит, акинотеатрқәеи атеатрқәеи рҿы ахәаҧшцәа рхыҧхьаӡара аздырҳауеит 30 инаркны 50%-нӡа Print Version

2021-11-24

  ..  ..

Ҧхынҷкәын 1 инаркны, аресторанқәа аусуратә сааҭқәа рзы ирзышьақәыргылаз аҧкра аҧыххоит, акинотеатрқәеи, атеатрқәеи, аопереи рҿы ахәаҧшцәа рхыҧхьаӡара аздырҳауеит 30 инаркны 50%-нӡа, - арҭ аӡбарақәа рыдыркылеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы. Аресторанқәа рҭааҩцәа рхыҧхьаӡара иадҳәаланы ишьақәыргылаз аҧкра амч амазаауеит, Акоординациатә хеилак зыӡбахәы ҳәоу арегулиациа арҧсыҽра иалацәажәоит аепидҭагылазаашьа анализ ашьаҭала.

Иара убас, Акоординациатә хеилак аӡбарала, Қырҭтәыла авакцинациа иахысыз, адгьылтә ҳәаала Қырҭтәылаҟа ихынҳәуа Қырҭтәыла атәылауаҩ, PCR-тест ацәыргара иҭаххом. Ишдыру ала, „апаспорт иаҵәа" аконцепциа амч аиуеит ҧхынҷкәын 1 инаркны. Ауаҩҧсы астатус иаҵәа иоуеит иара авакцинациа наӡа дахысхьазар, аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала PCR-тест, ма аҵыхәәтантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҟала антиген-тест ҟаиҵазар, мамзаргьы, акоронавирус ачымазара ихигахьазар.

Ахеилак аӡбарала, акоронавирус аинфекциа аҿкаара ашьҭахь 6-мзтәи аҧкра аҧыхуп. „Апаспорт иаҵәа" рымазароуп 18 шықәса зхыҵхьоу атәылауаа зегьы; Акоординациатә хеилак аӡбарала, ҧхынҷкәын 1 инаркны, атәылауаа, „апаспорт иаҵәа" апринцип ала, абарҭ аобиектқәа рыҩналара рылшоит: акрыфаратә обиектқәеи, аресторанқәеи, акаҳуажәырҭақәеи, абарқәеи иаарту, иара убас, иарку ақәыҧшылараҿы, акинотеатрқәеи, атеатрқәеи, аопереи, аконцерттә залқәеи, агәырҿыхаратә центрқәеи, аказиноқәеи, ахәмарратә бизнес аобиектқәеи, спа-центрқәеи, фитнес-клубқәеи, асасааирҭақәеи, иара убас, ашьхатә курортқәа ршахамҩақәеи; зыӡбахәы ҳәоу аҳәара рыдкьыслоит еиқәыҧхьаӡоу аобиектқәа рҭааҩцәа. Ахәыҷтәы агәырҿыхаратә центрқәа рҿы „апаспорт иаҵәа" рыцзароуп 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаа мацара.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа даҽазнык ауааҧсыра ирыҳәоит авакцинациа апроцесс активла рхы аладырхәырц, асабрдақәа ныҟәыргаларц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц.

Қырҭтәыла акоронавирус раҧхьатәи афакт анаадырҧшыз инаркны иахьанӡа авирус ҿыркааит 822 383ҩык, урҭ рҟынтә 763 755ҩык ачымазара иалҵхьеит, 11 679ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 58ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 1 084ҩык, астационарқәа рҿы - 6 611ҩык.

Аҧыза-министр инапхгарла аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa