Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Сурамии Хашурии аепископ Симеон диҭааит Print Version

2021-09-14

  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Сурамии Хашурии аепископ Симеон диҭааит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Николаи ацқьа ихьӡала зыргылара иаҿу аныхабаа ибан, аргыларатә усурақәа ирызку аинформациа дазыӡырҩит. Аб Симеон Иракли Ҕарибашвили дныҳәаны, иусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит.

Аб Симеон аиҳабыра рнапхгаҩы изеиҭеиҳәеит зыргылара иаҿу аберҭыҧ-арккаратә комплекс "Бана ҿыц" иазкны, уи Тао-Кларџьеҭи иҟоу Бана аберҭыҧтә комплекс иеиҧшуп.
Аб Симеон ишиҳәаз ала, "Бана ҿыц" - ауахәамеи аҳәынҭқарреи еицынарыгӡо крызҵазкәа проектуп.
Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, иара абри апроект анагӡара хымҧада иҽалаирхәоит.
Аҧыза-министр ицны аб Симеон иҿы иҟан апарламент аахантәаҩы Каха Куҷавеи, авице аҧыза, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвилии, Шида Қарҭли арегион аҿы ҳәынҭқарра ахаҭарнак Валериан Мҷедлиӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa