Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Аҳәынҭқарра арегионқәа рҿы анаплакқәа рҿиара еснагь ацхраара иазыхиоуп, уи атәыла аекономика аҭышәынтәалара еиқәнаршәоит Print Version

2021-09-14

 ..  

Аҳәынҭқарра арегионқәа рҿы анаплакқәа рҿиара еснагь ацхраара иазыхиоуп, уи атәыла аекономика аҭышәынтәалара еиқәнаршәоит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Каспи амуниципалитет Метехи ақыҭан акерамикатә акьырмыт ахьыҟарҵо аилахәыра „Керамика Ель Торренте" аҿы даныҟаз, аиҳабыра рнапхгаҩы дицын аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава.

Аиҳабыра рнапхгаҩы акерамикатә акьырмыт ахьыҟарҵо азауад ибан, аилахәыра аусзуҩцәа драцәажәеит.

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава лҳәамҭала, испаниатәи аилахәыра „Керамика Ель Торренте" азауад Қырҭтәылаҟа аиагара иазкны аӡбара рыдыркылеит 2018 шықәсазы. Аилахәыраҿы ахархәара амоуп аҳәынҭқарратә программа „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" абанктә кредит 900,000 лари аицфинансыркреи акредит-агарантиатә схема иаҵанакәа 2,55 миллион лари иаҟароу акомпоненти.

Инеизакны азауад иалаҵоуп 11,4 миллион лари. Ҽнакала аилахәыраҿы 120 тонна акьырмыт ҟарҵоит, аалыҵ рҭиуеит аҭыҧантәи аџьармыкьаҿы.

Аҧыза-министр ицны акерамикатә акьырмыт ахьыҟарҵо азауад аҿы иҟан аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, авице-аҧыза, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, Шида Қарҭли арегион аҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак Валериан Мҷедлиӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa