Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи „Дельта текстиль“ анапхгареи зҵакы дуу апроект анагӡаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит Print Version

2021-09-15

  ..

„Дельта текстиль" ақәҿиара змоу проектуп. Ишыжәдыруа ала, ҵыҧх ари апроект анагӡара ҳалаган, сынтәа лабҿаба иубарҭоуп афабрика қәҿиарла аус ишауа, уи ҳгәы зыздуу ҳаруаа рымаҵ ауеит. Аброуп зегьы ахьырӡахуа, абри афабрикаҿы. 450-ҩык раҟара ауааҧсыра аус руеит, дара ҳгәы зыздуу ҳаруаа рзы зхаҭабзиара ҳараку аалыҵ ҟарҵоит. Уажәшьҭа аҳәаанырцә аҿаҵатәқәа рыҟаҵара ҳақәшәом. Ишыжәдыруа ала „Дельта текстиль" аҧырҵаанӡа, кыршықәса рыҩнуҵҟа, аалыҵ ахаҭабзиареи ҳаруаа аформақәа рыла реиқәыршәареи иадҳәаланы апроблемақәа иҟан, аха, уажәшьҭа арҭ апроблемақәа рҭыҧ иқәҵоуп. Убри адагьы, 20-30% аҟара аекономиагьы ҳамоуп. Ҳәарада, ҳаруаа абри зегьы ахаҭаҧсала ирзыҳӡахуеит, ари апроект аҵакы ду амоуп. Сара ҳаҭыр зқәу Џьуаншери „Дельта текстиль" анапхгареи, абри апроект иалахәыз егьырҭ ауааҧсыреи даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

"Дельта текстиль" аҧҵан 2020 шықәсазы, Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистрс даныҟаз, Атәылахьчаратә мчқәа атәыла аҩнуҵҟа амаҭәа ҷыдеи аибыҭара ҷыдеи рзыӡахразы.

Ҳаамҭазтәи аиталиани аиапони ашьақәыргыламҭақәа рыла еибыҭоу афабрикаҿы Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа арратә маҵзуҩцәа рзы зхаҭбзиара ҳараку аҧхынтәии аӡынтәии анҭыҵтәии есымшатәии аформақәа рӡахуеит. Иара убас, абрааҵәҟьа иҭрыжьуеит ақәҧаратә аибыҭареи, амаикақәеи, ақәашәҵақәеи, аҧшатә курткақәеи, аполуверқәеи, ахылҧақәеи, анапхаҵақәеи, арҭмаҟқәеи, апатрультә ашәырақәеи, анҭыҵтәи ашәырақәеи, аиарҭамаҭәеи, аспорттә маҭәеи.

Имҩаҧгоу апроектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызкны аҧыза-министр инарҭбааны изеиҭарҳәеит атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, аминистр ихаҭыҧуаҩ Зураб Азарашвилии, "Дельта текстиль" ахаҭарнакцәеи. Ауснагӡатә аҿы иҟан Атәылахьчаратә мчқәа рҧыза, аинрал-маиор Гьаргь Матиашвилии, иара ихаҭыҧуаа, аинрал-маиор Заза Чхаиӡеи абригада аинрал Џьони Татунашвилии.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa