Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Акоординациатә хеилак алахәылацәа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, авакцинациа апроцесси, уажәазы иҟоу аҧкрақәа рырҧсыҽреи иалацәажәеит Print Version

2021-09-13

Қырҭтәыла аҧыза-министр инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара мҩаҧган. Акоординациатә хеилак алахәылацәа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, авакцинациа апроцесси, уажәазы иҟоу аҧкрақәа рырҧсыҽреи иалацәажәеит.

Иахьа инаркны амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагеит. Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵоит ауаажәларратә транспорти, иаартуи иаркуи ақәыҧшыларақәеи рҿы хымҧада асабрадақәа ныҟәыргаларц, иашьашәалоу амаҵзурақәа абри азҵаара ҕәҕәала иахылаҧшуеит;
иара убас, иахьа инаркны авакцинациа апроцесс арлахҿыхратә латареиа иалагоит, уи аҳамҭатә фонд 2 800 000 лари иаҟароуп. Машәырла алхра апринципла аҧаратә ҳамҭақәа рырхәмарра рылшоит знык, иара убас, ҩынтә алаҵа ҟазҵахьоу атәылауаа. Архәмаррақәа есымшагьы, есымчыбжь азгьы имҩаҧгахоит;
иара убас, иаҧҵоуп апликациа ҷыда - https://covidpass.moh.gov.ge/, уи ахархәарала атәылауаа аковид иадҳәаланы ирымоу астатус еилыркаар рылшоит;
уажәазы амч змоу арегулиациа ала, еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа (иаҳҳәап, аконференциақәа, атренингқәа, аспорттә аицлабрақәа, уб.егь.) рахь анеиразы, атәылауаҩ хымҧада ицзароуп авакцинациа аилкаага, мамзаргьы аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу PCR-тест ма аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу антиген-тест иҵоурам аҭак.

Ахеилак аӡбара ала, зыӡбахәы ҳәоу акатегориа ирыцлоит аҵыхәтәантәи фымз рыҩнуҵҟала ковид-19 ачымзара зхызгахьоу ауааҧсырагьы. Фымз аҧхьаӡара иалагоит алабораториала акоронавирус адиагноз ашьақәырҕәҕәара инаркны 14мшы рышьҭахь. Убри адагьы, амедицинатә аҵаратә программа апрактикатә хәҭа анахарала акәымкәа, аусбарҭақәа рҿы иахысуа астудентцәа ирыцзароуп авакцинациа аилкаага, ма рхатә харџьла мчыбжьыкахь знык иҟарҵо PCR-тест иҵоурам аҭак, ма аҵыхәтәантәи фымз рыҩнуҵҟала акоронавирус ачымазара шырхыргаз зыршаҳаҭуа аилкаага.

Акоординациатә хеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, аиҳабыра рыӡбара ала, иҳәаақәҵоу хықәкылатәи агәыҧқәа атестқәа рзыҟарҵоит хәыҧсада, абри аганахьала аиҭакрақәа иҟам. Иара убас, аҳәынҭқарратә маҵзураҿы, излауа ала ихьчазаауеит анахаралатә усуратә режим, ахеилак алахәылацәа хазхаҭалатәи асекторгьы абри аҩызаҵәҟьа абжьагара арҭоит.

Убри адагьы, акоординациатә хеилак аӡбара ала, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалахара атенденциа нагӡахар, жьҭаара 4 инаркны ахәыҷтәы агәырҿыхаратә центрқәа аусура еиҭалагоит.

Қырҭтәыла акоронавирус раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанӡа акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 581 815-ҩык, урҭ рҟынтә 545 961-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 8 233-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 85ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 1 611-ҩык, астационар аҿы - 6 186-ҩык атәылауаа.

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лумсҩаҧгарҭеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa