Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили – Абастумани имҩаҧгоу апроектқәа арегион аҿы атуристцәа рхыҧхьаӡара аизырҳареи аҭыҧантәи ауааҧсыра аусурҭала реиқәыршәареи иацхраауеит Print Version

2021-09-12

  .

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили Абастумани, ақалақь агәҭаны иҟоу, 19-тәи, 20-тәи ашәышықәсақәа рзы иргылаз, еиҭашьақәыргылоу аҩнқәа ибеит.

Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра абарҭ аҩнқәа реиҭашьақәыргылара иалгеит 2020 шықәсазы.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧган Адунеи абанк ари апроект иазоунашьҭыз 5.7 миллион лари рыла.

Ҩнқәак рырҕәҕәаратә усурақәа мҩаҧган. Лассы иуҧымло архитектурала иргылоу, амҿытә абарҵақәа змоу аҩнқәа усҟантәи аамҭазы иҟазшьарбагоу арҧшӡагақәеи ахыбра кәакьақәеи рымоуп.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Абастумани имҩаҧгоу апроектқәа арегион аҿы атуристцәа рхыҧхьаӡра аизырҳареи ауаа аусурҭала реиқәыршәареи иацхраауеит.

Уажәазы, иҵегьы жәабала аҭоурыхтә ҩнқәа раарҧшра иаҿуп, урҭгьы реиҭашьақәыргылара ргәы иҭоуп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧысуеит Абастумани аурбантә арҿыцра аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa