Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр ашәамахь иколлега диҧылеит Print Version

2021-09-08

.  ..

Сколлега даҽазнык идысныҳәалар сҭахуп апарламенттә алхрақәа рҿы аиаара - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр Никол Ҧашиниан даниҧылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Никол Ҧашиниан Шәамахьтәылеи ашәамахь жәлари ақәҿиарақәеи аҿиареи рзааигоит.

"Шәамахьтәыла аҧыза-министр, ҳаҭыр зқәу Никол Ҧашиниан салам исҭар сҭахуп. Акыр иаҧсоу сколлега иахьа Қарҭ иҟазаара сеигәырҕьоит. Сколлега апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира даҽазнык идысныҳәалар сҭахуп, агәра ганы сыҟоуп иара Шәамахьтәылеи ашәамахь жәлари ақәҿиарақәеи аҿиареи шырзааиго. Бзиала шәаабеит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Никол Ҧашиниан Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәылаҟа иааҧхьареи гәыкала идкылареи азыҳәан. Иара ишиҳәаз ала, Қарҭ ивизит абзоурала, дара арегионалтә усеицуреи ҩ-тәылак русеицуреи иаҵанакәа азҵаарақәа зегьы ирылацәажәар рылшоит.

„Акыр иаҧсоу, ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, раҧхьа иргыланы, ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп исышәҭаз ааҧхьареи гәыкала сыдкылареи азыҳәан. Қырҭтәыла аҳҭнықалақь Қарҭ аҭаара ҳара ҳзы еснагь ҳаҭыр дууп, избанзар, абра сҩызцәа сырҧыланы, арегионалатә аизыҟазаашьақәеи ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәеи ҳрылацәажәаратәы алшара ҳамоуп. Ҳтәылақәеи ҳаиҳабырақәеи реизыҟазаашьақәа ҕәҕәоуп, сара уи даараӡа сеигәырҕьоит, агәра ганы сыҟоуп иахьатәи ҳаиҧыларагьы ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа реиҕьтәреи рырҕәҕәареи ишацхраауа",- иҳәеит Никол Ҧашиниан.

Ишиашо аиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа нагӡан ирҭбаау аформат аҿы, уи рхы аладырхәит ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа. Иаҵшьны иазгәаҭан ахәаахәҭреи, економикеи, атранспорти, алогистикеи, акультуреи аусхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи русеицура аҵакы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили қәҿиарала имҩаҧигаз амедиациа иалацәажәеит, уи абзоурала, 15ҩык ашәамахь атҟәацәа рхы иақәиҭуп, азербаиџьантәи аган ироуит аминақәа зҵаз аҵакырадгьылқәа ирызку ахсаалақәа. Никол Ҧашиниан Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иара ихаҭа амедиациа апроцесс дахьалахәыз азыҳәан.

Ҩ-тәылак рҧыза-министрцәа инрывагыланы, ирҭбаау аиҧылара рхы аладырхәит: Шәамахьтәылатәи ареспублика авице-аҧыза Серен Папикиан, Шәамахьтәылатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиан, Шәамахьтәылатәи ареспублика аҵакырадгьылтә усмҩаҧгарҭақәеи аинфраструктуреи рзы аминистр Гнел Саносиан, Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәылатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Рубен Садоиан. Ақырҭуа аган аҟынтә: авице-аҧыза, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани, авице-аҧыза, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвили, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa