Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр Никол Ҧашиниани еицыҟарҵаз аҳәамҭақәа Print Version

2021-09-08

..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили:

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр,

Аделегациа алахәылацәа,

Акыр иаҧсоу асасцәа, салам шәымаз!

Салам исҭар сҭахуп сҩыза, сколлега, аҧыза-мимнистр Никол Ҧашиниан.

Қырҭтәыла идкылара сара сзы ҳаҭыр дууп.

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр даҽазнык идысныҳәалар сҭахуп алхрақәа рҿы аиааира. Ҳәарада, ашәамахь жәлари Шәамахьтәылеи рзы аера ҿыц алагара иацхрааша алшара бзиа рызцәырҵит. Сара ҳаҭыр зқәу аҧыза ипланқәа еилыскааит, урҭ аҿиареи, аҭышәынтәалареи, ашәамахь жәлари Шәамахьтәылеи рмышхәыбзазареи мацара иазкуп.

Ҟарабахтәи аибашьра арегион зегьы проблемас иазыҟалеит, аха, уажәы, ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр ихәаҧшырақәа анеилыскаа, агәра ганы сыҟоуп зыӡбахәы ҳәоу апроблема аҟазшьа шеиҭанакуа, уи Шәамахьтәылеи ашәамахь жәлари мышхәыбзазара рзаазго алшара ҿыц аҳасабала ахархәара шыҟало.

Шәамахьтәыла аполитикатәи аекономикатәи ҭышәынтәалара ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп, абри апроцесс, ишиашо, ҳтәылеи арегион атәылақәеи рҭышәынтәалара иадҳәалоуп. Убри аҟынтә, арегион аҿы иаҳзеиҧшу ҳхықәкы 3 жәак рыла аасырҧшыр сылшоит - аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, мышхәыбзазареи, абри ауп арегион аҿы атәылақәа рыхҧагьы ҳаидызкыло.

Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла, ескьынгьы, Аахыҵ Кавказ аҿы ҭынч аусуцуреи аицынхареи иазыразуп. Уажәааны ҳара аус алагьы уи ишьақәҳарҕәҕәеит. Мызқәак раҧхьа, Қырҭтәыла, лымкаала, сара снапхгарала, ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр иҽалархәрала, иара убас, Азербаиџьан ахада иҽазышәарала, ҳара, атәылақәа рыхҧагьы, хҩык алидерцәа, ашәамахь атҟәацәа рыҧсадгьылахь рырхынҳәреи, иара убас, зҵакы дуу адокументқәа, ахсаалақәа Азербаиџьан аҭареи азы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Абри аганахьала зеиҧшҟамлац ақәҿиара иҟан, убри аҟынтә, иаҳа ирацәаны иҟаҳҵар шҳалшо азы агәыҕра ҳазҭо ашьаҭа ҕәҕәа ҳамоуп. Сара аҧыза- министр дҽазнык изышьақәсырҕәҕәар сҭахуп Қырҭтәыла ҳаҧхьаҟагьы агәреибагара аиҭашьақәыргыларазы амедиациатә роль анагӡара ишазыхиоу, избанзар агәреибагара ауп ҳусеицура шьаҭас иамоу. Ҳара аусеицура ҿыц алацәажәара, аидеиа ҿыцқәеи апроектқәеи рылацәажәара ҳазыхиоуп. Ҳәарада, ҳара, аекономикеи, ахәаахәҭреи, атранспорти, аимадареи, насгьы, атуризм, аенергетика, акультура, аҵара уҳәа, абарҭ аусхкқәа рҿы аҧыза- министр иҳазцәыригаз зымҽхак дуу егьырҭ апроектқәеи ҳрылацәажәеит - абарҭ азҵаарақәа рзы ҳтәатәы еиқәшәоит. Ҳтәыла атранспорттә потенциал ду амоуп. Ари азҵаарагьы ҳалацәажәеит. Ҳтәылақәа ирымоу алшарақәа зегьы инаӡаны ҳхы иаҳархәароуп.

Аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩнуҵҟала иакымкәа аибашьрақәа ахьыҟалаз, уажәгьы зҭыҧ иқәҵам аимакқәа ахьыҟоу арегион аҿы ҳҳәатәы еиқәшәазароуп, ҳхәаҧшырақәа еиҧшызароуп, избанзар абас ауп арегион аҿы етапла аҭынчреи аҿиареи аиқәыршәара шҳалшо. Абри ауп хықәкыс иҳамазааша, абри ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Қырҭтәыла дахьаҭааиз азыҳәан. Иаара ҳаигәырҕьеит, уи ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп.

 

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан:

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр! Раҧхьа иргыланы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп гәыкала сахьшәыдышәкылаз азыҳәан. Ҳтәылақәеи ҳмилаҭқәеи ашәышықәсатәи аиҩызара рыбжьоуп. Ҳаҭыр зқәу Ҕарибашвили ииҳәаз сақәшаҳаҭуп, иахьатәи ҳаиҧылара аиҳара ҳрегион ҭынч аҿиара иазкын. Сареи ҳполитикатә мчы ахаҭарнакцәеи ари азҵааразы ҳажәлар ҳрацәажәеит уажәааны имҩаҧгаз изаамҭаны апарламенттә алхрақәа раан. Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит ҳрегион аҿы зҭыҧ иқәҵам аимакқәеи ашәарҭарақәеи шырацәоу. Ҳара аиҿцәажәара ала ҳаицхыраар ҳҭахуп, иахьазы иҟоу алшарақәа ҳхы иаҳархәар ҳҭахуп. Сгәы ишаанаго ала, алшарақәа рхархәара аус аҿы аидгылара ауп ашәарҭарақәа рхылаҧшраҿы иҳацхрааша.

Ҳаҭыр зқәу Ҕарибашвили даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп рашәарамзазы 15ҩык ашәамахь атҟәацәа рырхынҳәра дахьацхрааз азыҳәан. Сыхәмарны исҳәон абарҭ ҩымш рыла сара Қырҭтәыла аҧыза-аҧыза министр шаҟа сиацәажәоз аҟара алхрақәа раҧхьа алхыҩцәа срацәажәомызт ҳәа. Хаҭалатәи ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәарагьы иаҵанакәа рацәоуп, зыӡбахәы ҳәоу амшқәа раан ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа рышьаҭала ҳтәылақәеи ҳаиҳабырақәеи иаҳа қәҿиарала аусеицура рылшоит.

Ҳара ҳшеиқәшаҳаҭхаз ала, хара имгакәа, Шәамахьтәыла аиҳабыра ҿыц анеиқәҳаршәалак, аиҳабырабжьаратә комиссиа аусеицура еиҭалагоит. Сара ҧасагьы исҳәахьан, уажәгьы еиҭасҳәоит, ҳтәылақәа адемократиатә принципқәа ишрызныҟәо, ишрызгәыку аадырҧшыроуп, уи ҳаизыҟазаашьақәа рзы аҵакы ду амоуп. Сара ҳаҭыр зқәу Ҕарибашвили изцәыризгеит ҳаиҳабыратә программаҿы иарбоу арегионалтә темақәеи рыӡбашьа иазку ажәалагалақәеи. Абраҟа алшара ҿыцқәа иҟоуп, ҳара урҭ ҳхы иаҳархәароуп. Ҳрегион аҿы ҳара-ҳара ҳпотенциал иаҳа аизырҳаразы иҟаҵатәу ҳалацәажәеит, атранзиттә мҩақәа ҳарзааҭгылеит. Аенергетикеи атранспорти рҿы апроектқәа наҳагӡоит, егьырҭ апроектқәагьы ҳрылацәажәоит, алҵшәа зхылҵша авариантқәа зегьы ҳаҧшаауеит. Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, апандемиа аан ҳспециалистцәа аус еицыруеит, авирус аҿагылара аус аҿгьы аицхырааразы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Ҳаизыҟазаашьақәа рзы аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла иқәынхо ашәамахь адиаспора ду. Сара агәра ганы сыҟоуп Қырҭтәыла иқәынхо ашәамахьаа, ззин наӡоу Қырҭтәыла атәылауаа раҳасабала, Қырҭтәыла адгылареи Қырҭтәыла акзаара аиҭашьақәыргылареи аҿиареи аус аҿы алагала шыҟарҵо. Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа расҳәоит шәтәыла иқәынхо ашәамахьаа рмилаҭтә ҷыдарақәа рыхьчареи рырҿиареи азы аҭагылазаашьақәа зегьы реиқәыршәаразы. Абри атема ҳаиднакылоит, ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа ақәҿиара рхылҵуеит, иаҳа астратегиатә ҟазшьа роуеит. Ҳара ҳазлацәажәаз азҵаарақәа рацәоуп. Ҳусеицура аусхәаҧштә ҭбаауп. Ишазгәаҳҭаз ала, зыҩаӡара ҳараку ҳполитикатә диалог еиуеиҧшым аекономикатә усхкқәагьы ирныҧшхаратәы иҟаҳҵароуп, уи аҵакы ду амоуп.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa