Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр, иҧҳәыс диманы, Анзор Ерқомаишвили итәылауаҩратә панихидаҿы дыҟан Print Version

2021-04-03

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, иҧҳәыс диманы, Самеба акафедралтә ныхабаа аҿы, афольклортә ансамбль «Русҭави» ашьаҭаркҩы Анзор Ерқомаишвили ипанихидаҿы дыҟан. Аиҳабыра рнапхгаҩы ицын апарламент ахантәаҩи аиҳабыра алахәылацәеи.

Анзор Ерқомаишвили 80 шықәса шихыҵуаз, хәажәкыра 31 рзы иҧсҭазаара далҵит. Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, Анзор Ерқомаишвили ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи Мҭаҵминдатәи апантеон аҿы анышә дамардеит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa