Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили абизнесхаҭарнакра рахь - Ҳашшәыдгыло ааҳацҳауеит, сара сгәаанагарала, абизнес, ацентртәи арегионалтәи аҩаӡараҿы излауа ала, имаҷны аҧынгылақәеи абиурократиеи амазароуп Print Version

2021-03-30

.  ..

Ҳашшәыдгыло ааҳацҳауеит; сара абри аполитика мҩаҧызгоит - излауа ала иаартны абизнес аус ацаауеит, абизнес ҳахшыҩ азаҳшьҭуеит, абизнес иазҿлымҳау аиҳабыра ҳауп, ҳаҧхьаҟа абри ахырхарҭала иаҳа ирацәаны иҟаҳҵоит, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апроект - „ Абизнес ахь аинвестициатә ажәалагалақәа 100" арҭбаара иазкыз аӡыргараҿы данықәгылоз. Ауснагӡатә рхы аладырхәит абизнесхаҭарнакцәагьы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иқәгылара алагамҭазы абизнесхаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара ишазгәеиҭаз ала, апандемиа аан ари аусхкы зегьы раасҭа азарал аиуит.

„Ҳазынтәгьы - ауааҧсырагьы, ҳажәларгьы, урҭ реиҳара аус ахьыруа инеизакны абизнесгьы, ҳазынтәгьы ауадаҩрақәа ҳарҭагылоуп. Убри аҟынтә, ҳтәыла аекономикатә аҿиареи, ҳуааҧсыра аусурҭала реиқәыршәареи, ареалтә аҿиаразы ашьаҭа аҧҵареи азы иҟашәҵо азыҳәан, аиҳабыра рыхьӡала, даҽазнык гәыкала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Сара, раҧхьӡа акәны аофициалла сышәҧылоит, аха, даҽа форматк аҿы активла аиҧыларақәа рымҩаҧгареи иахьазы абизнес аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа рылацәажәареи азы алшара ҳамазаауеит. Ҳара ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит атәылаҿы апроблемақәа шырацәоу. Уаҵәы, иаҳа иҭшәоу аформат аҿы, абизнеси шәареи зегьы реиҳа шәзыргәамҵуа азҵарақәа ҳрылацәажәоит. Агәра шәсыргар сҭахуп, ҳара ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит иахьа ҳҭагылазаашьа шыцәгьоу, избанзар, аковид-пандемиа - ҳтәыла мацараз акәымкәа, адунеи атәылақәа зегьы рзы исериозу проблемоуп. Ҳара абри акризис алҵразы аконкреттә планқәа ҳамоуп. Ҳара, излауа ала ирласны авакцинациа мҩаҧаагароуп. Убри абзоурала, ауаа адәахьы идәылҵыр рылшоит, абизнеси аекономикеи аусура иалагоит. Насгьы, ҳара активла аусеицура ҳалагароуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, иара идҵала зеиқәыршәара иалагахьоу атәыла аҿиара 10 шықәсатәи аплан далацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, абри апроцесс аҿы абизнесхаҭарнакцәа рылахәызаара аҵакы ду амоуп.

„Аҿиара ахеилак еиҿаҳкаахеит, иааиуа амчыбжь инаркны аусуратә гәыҧқәа рформат аҿы абизнесхаҭарнакцәа рҟны аиҧыларақәа рымҩаҧгара ҳалагоит. Лаҵара анҵәамаҭазы, асектор цыҧхьаӡа инақәыршәаны, 10 шықәсатәи аҿиара иазку аконкреттә план цәыраагар ҳҭахуп. Ҳәарада, ари апроцесс аҿы шәылахәызаара аҵакы ду амоуп, избанзар, шәара шәыда ҳара абри аплан ҳзеиқәҳаршәом. Шәгәаанагареи, иҟашәҵо абжьагарақәеи, азгәаҭарақәеи ҳарзыӡырҩроуп, ҳара иаартны иааҳацҳауеит ҳара ҳҟынтә адгылара наӡа шшәымазаауа, шәыбжьагарақәа иазҧхьагәаҳҭоит. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит аиҳабыра, дара рхала, кыршықәса рыҩнуҵҟа атәылаҿы еизаз апроблемақәа рыӡбара шрылымшо. Ибзианы еилаҳкаауеит зпрогнозҟаҵара ҟало алагылазаара шаҳҭаху, иахьа абизнес иҭышәынтәалоу, зпрогнозҟаҵара ҟало алагылазаара аҭахуп. Ҳәарада, абри апроцесс иаҵанакуеит аполитикатә ҭышәынтәалареи, амакроекономикатә ҭышәынтәалареи, егьырҭ апараметрқәеи. Убри аҟынтә, иахьатәи амш азы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Даҽазнык ишәасҳәар сҭахуп иҳалшо ала ҳашшәыдгыло", - иҳәеит Аҧыза-министр абизнесхаҭарнакцәа рахь ихы рханы.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, абизнес, ацентртә аиҳабыра рҟынтә, иара убас, арегионалтә аҩаӡараҟны излауа ала имаҷны аҧынгылақәа амазароуп.

„Ҳара ҳпозициа абас ауп ишыҟоу, абизнес, ацентртәи арегионалтәи аҩаӡараҟны излауа ала имаҷны аҧынгылақәеи аминималтә биурократиеи амазароуп. Аҳәынҭқарреи, абизнеси, атәылауааи - абарҭ х-субиектк еидҵатәуп, ҳара ирласӡаны аӡбарақәа рыдкылареи, ҳаиқәшаҳаҭны аусеицуреи ҳалшароуп. Кыршықәса рыҩнуҵҟала еизаз апроблемақәа рыӡбара ҳалшарц, ҳтәыла абри иуадаҩӡоу акризис иалҵырц азыҳәан, ҳанеидгылаша аамҭа ааит. 90-тәи ашықәсқәа индыркны ҳтәылаҿы еизаз апроблемақәа ирызкны ишәзеиҭасҳәом. Ҳәарада, уи аамҭакьаҿлатәи ашокқәеи иахәҭамыз аӡбарақәеи мацара ракәӡам изыхҟьаз. Абарҭ апроблемақәа, шьҭрала ҳара ҳашҟа ииасит. Убри аҟынтә, урҭ хымҧада иӡбатәуп. Даҽазнык ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп аусеицура ҳшазхиоу, иҳалшо ала ҳашшәыдгыло", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр аҳәынҭқарра иатәу амал априватизациа апроцесс арласрагьы далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, 3 миллиард адоллар рыхә амал аҭиразы имазеины иҟоуп.

„Ҳәарада, абри амал етапла ацәыргара ҳалагоит, иахьа 400 миллион лари рыхә амал аӡыргара мҩаҧаагоит. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ацентртә напхгара рҟынтәгьы, арегионалтә аҩаӡараҿгьы иаҳа адгылареи ацхыраареи шәоурц азыҳәан", - иҳәеит Аҧыза-министр. Иара, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава абри ауснагӡатә аиҿкааразы ҭабуп ҳәа леиҳәеит.

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава проект - „Абизнес азы аинвестициатә ажәалагалақәа 100" арҭбаара иазкыз аӡыргара мҩаҧылгеит асасааирҭа „Шератон Гранд Метехи Палас" аҿы.

Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәеи, абизнеси абанкттә сектори рхаҭарнакцәеи.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa