Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Саудтәи Аравиа аҳ Гьаргь Гахариа идиныҳалеит аҩынтәраан Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра Print Version

2021-01-20

..

Саудтәи Аравиа аҳ Салман Бин Абдулазиз Аль Сауди апринц Муҳамед Бин Сальман Бин Абдулазиз Аль Сауди Гьаргь Гахариа идырныҳәалеит аҩынтәраан Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра. Иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан Қырҭтәыла иҟоу Саудтәи Аравиа ацҳаражәҳәаҩ Абдула Аль-Мутаиар Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩи иҭеит Саудтәи Арави аҳи апринци рыдныҳәаларатә шәҟәқәа.

„Қырҭтәыла апарламент ала агәрагара шәзаарҧшреи аҩынтәраан Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩыс шәалхреи сеигәырҕьеит. Гәыкала ишәыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа шәзеиҕьаҳшьоит. Ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа ҷыдала иҕәҕәоуп. Ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны ҳусеицура иаҳа арҭбаара сшазыхиоу. Шәаҳаракыра, агәабзиареи агәырҕьареи шәзеиҕьасшьоит, аиҩызарала иаҳзыҟоу ақырҭуа жәлар аҿиареи мышхәыбзазареи рзеиҕьасшьоит", - иануп Саудтәи Аравиа аҳ иофициалтә адныҳәалараҿы.

Аҧыза-министри ацҳаражәҳәаҩи реиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рҿы иҟаз адинамика бзиа, ишазгәаҭаз ала, абри ахырхарҭала иҵегьы имаҷымкәа алшарақәа иҟоуп.

Саудтәи Аравиа аҳра ацҳаражәҳәаҩ аиҳабыра рнапхгаҩы идиныҳәалеит ЕАР Адунеизегьтәи атуризм аиҿкаара (UNTWO) амаӡаныҟәгаҩ хадас Зураб Пололикашвили аҩбатәи аҿҳәарала иалхра.

Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, апандемиа ҟалаанӡа, атуризм аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Саудтәи Аравиеи русеицураҿы адинамика бзиа иҟан. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, апандемиа ашьҭахьгьы абри ахырхарҭала иҟоу атенденциа бзиа ахьчареи иаҳа арҕәҕәареи иақәгәыҕуеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa