Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр аковидвакцинациа апроцесс қәҿиарала амҩаҧгара амзызла еиҿкааз акомиссиа ҷыда алахәылацәа дырҧылан, авакцинациа амилаҭтә план иазкны драцәажәеит Print Version

2021-01-19

  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аковидвакцинациа апроцесс қәҿиарала амҩаҧгара амзызла еиҿкааз акомиссиа ҷыда алахәылацәа дырҧылан, авакцинациа амилаҭтә план иазкны драцәажәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аплан аиқәыршәара иалахәы ауааҧсыра драцәажәеит авакцинациа аетапқәеи, иара убас, зегьы раҧхьа авакцина ззыҟаҵатәу хықәкылатәи агәыҧқәеи ирызкны.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, иахьазы атәылаҿы ишьақәыргылоу хықәкылатәи аҧкрақәа рыбзоурала, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалахара иаҿуп, аха, уажәазы иҟоу ақәҿирақәа ҧырхага рмоурц азыҳәан, аҽырҭынчра ҟалом.

Аҧыха-министр ишиҳәаз ала, аекономика етапла аартреи авирус ҿызкаауа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара аиҵатәреи амзызла, аҵакы ду ранашьоуп аамҭакала еицымҩаҧгатәу зҵакы дуу ауснагӡатәқәа - атестирра апроцесс арҭбаареи, етапла, хшыҩкрала аҧкрақәа раҧыхреи, авакцинациеи. Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, абри ахықәкы анагӡара ауп изызку аиҳабыра еишьҭаргыланы иҟарҵо ашьаҿақәа зегьы, атәыла авакцинациа алагаразы ихиазарц азыҳәан авакцинациа аплан аиқәыршәарагьы уахь иналаҵаны.

Ишдыруа ала, аплан иарбоуп авакцинациа иадҳәалоу алогистикатәи аоперациатәи зҵаарақәагьы. Аплан аиқәыршәара иалахәы аекспертцәеи иашьашәалоу аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи ргәаанагарала, адокумент Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аҳәарақәа ирышьашәаланы еиқәыршәоуп, иара убас, аплан ала иҳәаақәҵоу агәыҧ ҷыдақәагьы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара астандартқәеи ауаҩытәыҩса изинқәеи ирышьашәалоуп.

Аиҳабыра рнапхгаҩы авакцинациа амилаҭтә план аиқәырәшара иалахәыз аекспертцәеи, Жәлар рыхьчаҩи, адонор аиҿкаарақәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Авакцинациа амилаҭтә план Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәароуп, анеҩс, адокумент ажәлар ирызцәырыргоит.

Уи адагьы, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, авакцина излауа ала ирласны атәылашҟа аагара амзызла активла аусура нарыгӡоит, атәылашҟа иааргоит Агәабзаиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи егьырҭ иашьашәалоу жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рыла иазхаҵоу авакцина мацара.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa