Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Гьаргь Гахариа апарламент апленартә аилатәараҿы иқәгылара Print Version

2020-12-24

Адискуссиеи аоппонентцәеи аныҟам аусура мариам, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп абри аполитикатә проблема аҭыҧқәҵареи хара имгакәа апарламент абри ахәҭа ахарҭәаареи азыҳәан; уи анапхгаратә гәыҧ рамбициа акәӡам, уи ҳтәылауаа рыҳәареи рыдҵеи ауп, дара роуп изыӡбаз абри апарламент аҿы 9 партиак, инақәыршәаны 60 аоппозициатә мандатқәа иҟазароуп ҳәа, - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Гьаргь Гахариа апарламент апленартә аилатәараҿы данықәгылоз. Иахьа уаҟа аиҳабыра агәрагара рзаарҧшразы абжьыҭира мҩаҧысуан.

Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, аилатәаратә зал аҿы аоппозициа рыда аҟазаара иманшәалам, избанзар, иарбанзаалак аӡбара иаша рыдыркылароуп изҩыдоу адискуссиа ала.

„Иахьа ҳара апленартә аилатәара аформат аҿы ҳаиҧылоит, ҳәарада, ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп, иара убас, ҭакҧхықәра дууп анеҩстәи ашықәс азы аиҳабыра инарыгӡараны иҟоу аплан иахьа абра алацәажәара. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа апарламент хәҭак иҭацәуп имариоу мзызк амшала - ҳпарламент аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа иахьатәи аилатәара иалахәым. Ажурналистцәа азҵаара рыман - апарламент аҿы партиа заҵәык аныҟоу, аилатәаратә зал аҿы аоппозициа аныҟам, мамзаргьы партиак злоу апарламент аиҳабыра реилазаара анышьақәдырҕәҕәо, абри аҩыза аҭагылазаашьа шәзыманшәалома ҳәа. Ҳәарада, уи сзыманшәалам, избангьы шәасҳәар сылшоит. Ҳара уи ҳзыманшәалам, аха, уи адагьы, иарбанзаалак аӡбара иаша ҳадаҳкылароуп изҩыдоу адискуссиа ала, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы ари аганахьала аҧышәа бзиа ҳаман. Ҳара хаангьы адискуссиеи аиҿцәажәареи ҳацәымшәацт, аха ҳкомфорт алацәажәара ҳаҟәыҵыргьы, уи ҳтәылауаа ирзыманшәалам, дара алхрақәа рҿы 9 партиак алырхит, дара роуп изыӡбаз апарламент аҿы 60 аоппозициатә мандатқәа иҟазароуп ҳәа. Абри ауп зегьы реиҳа ихадоу, абраҟа ҳара аиҳабыра алахәылацәа ркомфорт акәӡам ҳазлацәажәо. Рыцҳарас иҟалаз, иахьазы абри алҵшәа ауп иҳамоу . Аҭакҧхықәра иацәшәаз иҟоуп, џьоукы иҟарҵаша рзымӡбеит, аха, иахьазы абри аҩыза алҵшәа ҳамоуп. Ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкааруоп абри аҭагылазаашьа амшала аиҳабыра ҩынтә еиҳаны аҭакҧхықәра шрыду. Абраҟа зегьы реиҳа ихадоу абри азҵаара азнеишьа ауп - ма зегьы ҳауроуп, ма акымзаракгьы ҳҭахым, абри азнеишьа адемократиатә принципқәа ирықәнагам, европатәи апринципқәа ирышьашәалам, аха, узегьы, абри азал аҿы ҳамацара ҳаанхаргьы, европатәи ҳҧеиҧш ахырхарҭала ҧхьаҟацара наҳагӡароуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат инарҭбааны далацәажәеит аиҳабыратә программа - „Европатәи аҳәынҭқарра аргыларазы".

„Аиҳабыратә программа „Европатәи аҳәынҭқарра аргыларазы" ахадаратә 4 хырхарҭак рышьаҭала еиқәыршәоуп. Актәи аекономикатә аҿиара ауп, аҩбатәи - асоциалтә политикеи ауаҩытәыҩсатә капитал ахылаҧшреи, ахҧатәи - адәныҟатәи аполитикеи, ашәарҭадареи, аимакқәа рҭыҧқәҵареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, аҧшьбатәи - зегьы реиҳа ихадоу - аҳәынҭқарратә напхгараҭара. Абраҟа иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп уи ҳҳәынҭқарра аструктуратә аҳасабтәқәеи, апроблемақәеи ишрызку, анапхгара зтәылаазакгьы, арҭ апроблемақәа рҭыҧқәҵара рықәшәоит. Ҳпрограммаҿы ахадаратә ҵакы змоу актәи ахәҭа атәыла аекономикатә аҿиара иазкуп. Аекономикатә аҿиара ҳаналацәажәо, ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаауеит иахьа аҳәынҭқарра аструктуратә аҳасабтәи апроблемеи аҕарра аиҵатәра ишадҳәалоу. Аҕарра аиҵатәразы зегьы иреиҕьу хархәагоуп аусуратә ҭыҧқәа раҧҵара, зхы иақәиҭу аџьармыкьа мацараҿ аусура зылшо зхы иақәиҭу, иҕәҕәоу ақырҭуа бизнес ауп аусуратә ҭыҧқәа еиқәзыршәаша", - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, хазхаҭалатәи асектор ауп ари ахырхарҭала ахадаратә мчыс иҟоуп, аха, апандемиа аан уи ахаҭа еиқәхароуп, нас ауп иацҵаны аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵара аналшо.

„Аха, ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит хазхаҭалатәи асектори қәҿиарала аус зуа ақырҭуа бизнеси рсоциалтә ҭакҧхықәра - иаҳа-иаҳа хшыҩзышьҭра ззутәу ахадаратә компонент шакәу. Хазхаҭалатәи асектори абизнеси рҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп амакроекономикатә ҭышәынтәалара, иахьа, аглобалтә пандемиеи аглобалтә економикатә кризиси рымшала ари акомпонент аганахьала апроблемақәа дууп. Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла абиуџьет амакроекономикатә арбагақәа рганахьаала крызҵазкәа апроблемақәа шыҟоу, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп 3-4 шықәса рыла ҳбиуџьет амакроекономикатә арбагақәа 2020 шықәса алагамҭазы иҳамаз арбагақәа рахь иҳархынҳәырц азыҳәан. Абри ахықәкы анагӡааразы аҵакы ду амазаауеит афискалтә консолидациа, уи азыҳәан аҭакҧхықәра ду рыдуп афинансқәа рминистрреи, иара убас, азакәанҧҵаратә органи, урҭ русушьа зеиҧшҟамлац аҵакы ду аиуеит, аизбанзар, ашәахтә система аиҕьтәразы азакәанҧҵаратә ҧсахрақәак рымҩаҧгара ҳақәшәоит", - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Гьаргь Гахариа иҳәамҭала, ашәахтә система иаҳа алҵшәа ахылҵырц азыҳәан, азакәанҧҵратә ҧсахрақәак мҩаҧгатәуп.

„Ашәахтә система аиҕьтәразы азакәанҧҵаратә ҧсахрақәак рымҩаҧгара ҳақәшәоит. Ашәахтә системаҿы иахьазы актуалра зцәыӡыз азинҷыдақәа рацәаны иҳамоуп. Ҳара азинҷыда цыҧхьаӡа шьаҭанкыла иҭаҳҵаароуп. Алшара ахьыҟоу азинҷыдақәа ҳарҕәҕәароуп, аха, азинҷыдақәа реиҳара раҧыхра ҳақәшәоит, избанзар, урҭ алҵшәа рхылымҵит. Ҳареи апарламенти ашәахтә аиқәшаҳаҭра ҳаиҭахәаҧшыр акәхоит - иахьазы иаҳҳәар ҳалшоит абри ашьаҿа шыҟаҵатәу ҧырхага злоу апрактика аҧыхразы. Ашәахтә закәанҧҵаратә ҳәаа анеиҿкаау, абизнес аимакқәеи, амедиациеи, егьырҭ ахархәагақәеи рхархәара ашлара азҭаша аҭагылазаашьақәа анеиқәыршәоу, ашәахтә еиқәшаҳаҭра аиҭахәаҧшра иаамҭоуп, избанзар уи аҳәынҭқарреи абизнеси реизыҟазаашьақәа рхаҳареи риашареи аизырҳара иацхраауеит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат ишазгәеиҭаз ала, иаҭаху зегьы ҟаҵатәуп аҳәынҭқарра иатәу аресурсқәа излауа ала ирласны аекономикатә аикәшара иалахәхарц азыҳәан.

„Ишыжәдыруа ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҟаз апроблемақәа рымшала адгьыл аресурс аекономикатә аикәшарашҟа алагалара ҳцәыуадаҩын, аха, ҧасатәи ааҧхьара апарламент азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа мҩаҧганы, адгьыл ахатәреи ахылаҧшреи ахәҭа азакәанҧҵаратә ганахьала еиҿыркааит. Иахьа ҳара ари ахырхарҭала иахәҭоу ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳалшоит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра иамоу аресурсқәа излауа ала ирласны рхархәаразы, ихәарҭоу аҵхтәқәа рхырхарҭалагьы иаҳа алҵшәа зхылҵша азнеишьеи апрограммақәеи иҟазароуп.

„Ҳара иацы ари азҵаара ҳалацәажәон, аҳәынҭқарра иатәу аресурсқәа излауа ала ирласны аекономикатә аикәшараҿы рхархәаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп. Ишыжәдыруа ала, ҳара адгьыл асистематә ашәҟәҭаҩра апрограмма ҳалагеит, анеҩстәи хышықәса рыла ари апрограмма хыркәшатәуп. Зыӡбахәы ҳәоу апрограмма хықәкыс иамоуп атәылаҿы адгьыл азы ахатәра ашәҟәы аҭагалара апроблема аҵыхәанӡа аӡбареи адгьыл аресурс излауа ала ирласны аекономикатә аикәшараҿы ахархәареи, уи адагьы, аҳәынҭқарра иамоу аресурсқәа излауа ала ирласны рхархәара амзызла, ихырҳагоу аҵхтәқәа рганахьалагьы иаҳа алҵшәа зхылҵша азеишьа, иаҳа алҵшәа зхылҵша апрограммақәа ҳҭахуп", - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Иара убас, Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчаратә программа нагӡахоит, уи аҵыхәтәантәи хықәкыс иамазаауеит социалла ихьчам ауааҧсыреи зҭагылазаашьа цәгьоу ҳтәылауааи ахәшәқәа раахәаразы ма амедицинатә сервисқәа рхархәаразы рџьыбантә аҧара аныхра рықәымшәаратәы аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара.

Аиҳабыратә программа аҩбатәи ахәҭа асоциалтә политикеи ауаҩытәыҩсатә капитал ахылаҧшреи иазкуп, ҳара абарҭ ҩхырхарҭак еидаҳҵеит, - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Иара иажәақәа рыла, абри аусхкы иаҵанакәеит агәабзиарахьчареи, асоциатә аиқәыршәареи, аҵареи,абарҭ ахырхарҭақәа еидҵоуп, избанзар, аҳәынҭқарра, раҧхьа иргыланы, социалла ихьчам ауааҧсыреи, зҭагылазаашьа цәгьоу атәылауааи, зегьы раҵкыс ацхыраара зҭаху ауааҧсыреи реиҷаҳара иауалуп.

„Агәабзиарахьчареи, иара убас, ҳтәылауаа рсоциалтә аиқәыршәареи ахырхарҭала 8 шықәса рыҩнуҵҟа имҩаҧаагоз ҳполитика нагӡахоит. Аха, аамҭакала, ҳара аҵареи ауаҩытәыҩсатә капитал аҿиареи ҳаналацәажәо, ибзианы еилаҳкаароуп аҳәынҭқарра зхатә аџьаус ала зҭаацәара рныҟәгара зылшо атәылауаҩ цыҧхьаӡа еиҟароу аконкуренциатә ҭагылазаашьақәа изеиқәнаршәароуп, уи зҵакы дуӡӡоу ҧхықәроуп. Ҳәарада, абри аҧхықәра иаалагоит аҵара аиура азин ала, убри аҟынтә, аҵара ареформа ауаҩытәыҩсатә капитал ахылаҧшра аганахьала ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа иреиуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Агәабзиарахьчареи асоциалтә аиқәыршәареи ирыдҳәаланы Гахариа ишиҳәаз ала, ари ахырхарҭала аиҳабыра хықәкыс ирымазаауеит атәылауаа зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара ахархәара алшара рызҭаз аполитика анагӡара.

„Ари апрограмма нагӡахоит. Уи аҵыхәтәантәи хықәкыс иамазаауеит социалла ихьчам ауааҧсыреи зҭагылазаашьа цәгьоу ҳтәылауааи ахәшәқәа раахәаразы ма амедицинатә сервисқәа рхархәаразы рџьыбантә аҧара аныхра рықәымшәаратәы аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара. Убри аҟынтә, зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма аҧыжәара амазаауеит, иахьаҭаху хырхарҭақәак рҿы ареформа нагӡахоит. Ари аганахьала аҵакы ду амоуп раҧхьатәи агәабзаиарахьчара акомпонент, уи лабҿаба иубарҭахеит аковид-пандемиа аҿагылара аан, ари апроцесс аҿы раҧхьатәи агәабзиарахьчара акомпонент аҵакы ду аман. Асоциалтә аиқәыршәара ахәҭаҿы ахәшьараҭара аметодологиеи ацхыраара аҭареи ахырхарҭа аҧыжәара амазаауеит. Агәабзиарахьчара аминистрра ари азҵааразы аусура иалагахьан. Аха, ари аусура ахыркәшараҿы апандемиа ҳҧырхагахеит. Ишыҟазаалакгьы, 2021 шықәсазы ари аусура хыркәшазаауеит, ҳтәылауаа социалла ихьчам астатус аҳәаақәҵаразы иаҳа ииашоу аметодологиа роуеит, иара убас, ацхыраарагьы иазҳауеит, ҳара ари азҵаарагьы ҳалацәажәахьеит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иара иажәақәа рыла, аҳәынҭқарразы зҵакы дуу ҧхықәроуп зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра реиҷаҳара. Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра азакәанҧҵаратә аҩаӡараҟны атәанчахә ацҵара ашьақәырҕәҕәара рылшеит.

„Ишыжәдыруа ала, ҧасатәи ааҧхьара апарламенти ҳареи азакәанҧҵаратә аҩаӡараҟны ҳтәанчуаа атәанчахә рзацҵара ашьақәырҕәҕәара ҳалшеит, ари азҵаара изакәызаалак ак ала аполитикатә хықәкқәа ирыдҳәаламызт. Ҳара ҳтәанчуаа атәанчахә рзацҵара еиқәзыршәаз, иҕәҕәаз, ииашаз, аӡбара ҳадаҳкылеит. Уи иазхоу иазымхоу ҳалацәажәар ауеит, ҳәарада иазхом, аха, ҳара иаартны иаҳҳәар ҳалшоит ари азҵаара атәыла аекономикатә қәҿиарақәеи аекономикатә азҳареи ишадҳәалоу", - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Гьаргь Гахариа иҳәамҭала, анеҩстәи ашықәсқәа рзы ахҵәацәа 13 000 ауада ҿыцқәа роуеит.
„Асоциалтә цхыраара апрограммақәа ҳанрылацәажәо, ихҵәоу ҳуааҧсыра ҳхашҭыр ҟалом. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы дара зқьнызқьла ауадақәа роухьеит, аха, анеҩстәи ашықәсқәа рзы ихҵәоу ҳуааҧсыра иҵегьы 13 000 анхарҭақәа раҳҭоит. Ҳара ҳазынтәгьы, атәылауаагьы аҳәынҭқаррагьы уи иаҳуалуп, иарбан етапзаалак, ианаҭаху, иахьаҭаху ихҵәоу ҳуааҧсыра ҳреиҷаҳароуп",- иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Гьаргь Гахариа данықәгылоз, аҵареи ауаҩытәыҩсатә капитали аҵакы дазааҭгылеит.

„Ауаҩытәыҩсатә капитал ииашаны ахылаҧшра мацаралоуп иахьа, аглобалтә конкуренциа аан ҳҿар жәларбжьаратәи аглобалтә џьармыкьаҿы аконкуренциа алшареи ақәҿиара аиуреи аҿы ирыцхрааша аҵара злароуша, - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат. Иара иажәақәа рыла, уи абжьаратә аҵара ашьаҭала имҩаҧысуа аҵара ареформа иаҵанакәа, зҵакы дууӡоу компонентуп, аха, абжьаратә аҵараҿы арҵаҩцәа роуп ахадаратә ҵакы змоу.

„Зквалификациа ҳараку, иахәҭоу аулафахәы змоу арҵаҩцәа рыбзоуралоуп ҳара анеҩстәи ашықәсқәа рзы абжьаратә аҵара ареформаҿы ақәҿиарақәа злаҳауа. Азанааҭтә аҵара иадҳәаланы исҳәар сҭахуп, араҟа ҳара ирласны алҵшәа ҳаур ҳалшоит, ҽакала иаҳҳәозар аинвестициа злаҳҵо аусхкы иахылҵуа алҵшәа иаҳа ирласны иубарҭахоит. Абраҟа хықәкыс иҳамоуп аџьаус аџьармыкьа аҳәарақәеи азанааҭтә аҵара асистемаҿы иазыҟаҵоу акадрқәеи еиқәшәаратәы аҟаҵара, ари аганахьала апрогресс ду ҳамоуп. Иреиҳаӡоу аҵара аусхкы аҿы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳара ҳҵаратә система жәларбжьаратәи аҵаратә система, раҧхьа иргыланы, европатәи иреиҳаӡоу аҵаратә система иашьашәалахарцаз. Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Европаҿгьы, хазхаҭалатәи аинвестициақәа рганахьала иреиҕьу аҿырҧштәқәа иреиуп Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп иреиҳаӡоу аҵара аусхкы аҿы излауа ала ирацәаны хазхаҭалатәи аинвестициақәа рыдыҧхьаларазы", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат ҷыдала дазааҭгылеит ампыҵахалара азҵаара, иара ишиҳәаз ала, атәыла аинтересқәа ирышьашәалоу арационалтә политика мацароуп аҭынчмҩала атәыла атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылара еиқәзыршәаша, уи ада атәыла аҿиара аиуам.

Гьаргь Гахариа аиҳабыратә программаҿы ахадаратә ҵакы змоу ахәҭагьы далацәажәеит, уи адәныҟатәи аполитикеи, ашәарҭадареи, аимакқәа рҭыҧқәҵареи иазкуп.

„Ҳәарада, ҳара абри ахәҭа ампыҵахалара азҵаарала алагара иаҳуалуп. Атәыла адемократиатә аҿиареи, ашәарҭадареи,ауаҩытәыҩса изинқәеи рышьаҭа алоуп ҳаҧхьаҟа атәыла европатәи ахырхарҭа анагӡара злаиуша, ампыҵахаларагьы абарҭ азҵарақәа ирыҵанакәеит, убри аҟынтә, ҳара ибзианы еилаҳкаароуп, атәыла аинтересқәа ирышьашәалоу арационалтә политика мацароуп аҭынчмҩала атәыла атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылара еиқәзыршәаша, изныкымкәа ишаҳҳәахьоу еиҧш, атерриториатә акзаара ада атәыла аҿиара аиуам. Ҳара ампыҵахалара ҳаналацәажәо, Қырҭтәыла адгьыл ампыҵахалара мацара акәӡам ҳазлацәажәо, ҳтәылауаа ҳрылацәажәоит, дара рресурсқәа ҳрылацәажәоит, аҿиаразы ирымоу алшарақәа ҳрылацәажәоит. Аекономика инаркны акультура аҟынӡа, иарбанзаалак аусхкы аҿы ҳтәыла иахьазы ишахәҭоу ала аҿиара залшом, избанзар ҳадгьыл 20% иахьагьы импыҵахалоуп. Убри аҟынтә, абри апроблема аӡбаразы, атәыла аинтересқәа ирҧырхагам иарбан форматзаалакгьы, ҩганктәи аума, аганрацәалатәи аума, хымҧада ҳхы иаҳархәароуп, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рылахәызаара ала иарбан форматзаалакгьы ҳхы иаҳархәоит. Ахадаратә аҵыхәтәантәи ахықәкы анагӡаразы, атәыла атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргыларазы аус ахьаауша аформатқәа иҟоуп. Раҧхьа иргыланы, Урыстәыла ақәыҕәҕәара наҳагӡароуп, ари атәыла ахы иаднаҵаз жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа нанагӡаратәы иҟаҳҵароуп, Евроеидгыла анаҧшратә миссиа амандат Қырҭтәыла зехьынџьара аларҵәара амазароуп. Раҧхьа иргыланы, импыҵахалоу атерриториақәа роуп сызлацәажәо. Избанзар, зыӡбахәы ҳәоу амиссиа мацароуп импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳтәылауаа рзинқәа рыхьчара аиқәыршәара зылшо", - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Иара аҭынчратә инициативақәагьы дырзааҭгылеит. Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, аҭынчрачаҧаратә инициативақәа рхырхарҭала аусура нагӡахоит. Иара иажәақәа рыла, аҭынчратә инициативақәа аус рыдулара нарыгӡоит, раҧхьа иргыланы, аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа рҟны агәреибагара аиҭашьақәыргыларазы.

„Аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа рҟны агәреибагара аиҭашьақәыргыларазы аҭынчратә инициативақәа рхырхарҭала аусура наҳагӡоит. Уи ахадаратә ҵакы змоу ҳхықәкы ауп, атәыла атерриториатә акзаареи, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу - агәреибагареи аиҭашьақәыргыларазы зегьы реиҳа ииашоу иласу ахархәагоуп", - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Иара иажәақәа рыла, атәыла атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылареи аполитика аҳәаақәҵареи апроцесс хымҧада иалахәызароуп жәларбжьаратәи апартниорцәа.

«Қырҭтәыла аиҳабыра аструктуризациатә азнеишьа рымазаауеит. Ҳара импыҵахалоу атерриториақәа ирызкны иаку, ахшыҩкратә политика ҳҭахуп, абри аполитика иалахәызароуп зыӡбахәы ҳәоу апроблема аҭыҧқәҵара иадҳәалоу аусбарҭақәа зегьы - Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Аинаалара азҵаарақәа рзы аминистрреи, иашьашәалоу амаҵзура ҷыдақәеи, убас егьырҭгьы. Уи аструктуризациатә, аконсолидациатә политика акәзароуп. Атәыла атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылареи ари аполитика аҳәаақәҵареи ахь Қырҭтәылa азнеишьа, ари апроцесс хымҧада иалахәызароуп жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, абизнес аума, акультура аума, иарбанзаалак аус аҿы ҳтәылауаа ақәҿиара рымазарц азыҳәан, атәылаҿы ишәарҭам алагылазаара еиқәыршәазароуп, уи ахадаратә ҵакы змоу зҵаароуп.

„Ишәарҭам алагылазаара аиқәыршәаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп аиашаӡбара иаку асистемеи, анализ ашьаҭа ала иҳәаақәҵоу ашьауҕатә политикеи, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу - ахьырхәра ахымҧадареи. Уи азинхьчаратә система аусура зызку ахадаратә компонентуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа ақырҭуа арбџьармқәа НАТО амчқәа рҟны реишьашәалазаара азҵаара далацәажәан, ишиҳәаз ала, амобилтә, алҵшәа зхылҵуа арбџьармчқәа раҧҵара ауп атәылахьчара аминистрра аусура хықәкыс иамоу.

„Ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп, НАТО арбџьармчқәа рстандартқәа рзааигәахареи амобилтә, алҵшәа зхылҵша арбџьармчқәа раҧҵареи ауп ҳара хықәкыс иҳамоу, атәылахьчара аминистрра абри ахықәкы анагӡаразы қәҿиарала аус ауеит. Ишыжәдыруа ала, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыла интенсивла арратә азыҟаҵарақәа мҩаҧысуан, ақырҭуа ар ишьақәдырҕәҕәеит дара европатәи, евроатлантикатәи, НАТОи астандартқәа ирышьашәаланы, зехьынџьара, аҭагылазаашьақәа зегьы рҿы амиссиақәа зегьы рынагӡара ишазыхиоу. Ҳара аҭынчрачаҧаратә миссиақәа рҿгьы уи шьақәҳарҕәҕәеит. Ҳаруаа абарҭ амиссиақәа ирылахәып, раҧхьа иргыланы, жәларбжьаратәи ашәарҭадара аус аҿы рхатә алагала ҟарҵарцаз, НАТО астандартқәа иаҳа ирзааигәахарцаз,"- иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, аполитикатә ганахьала инетралу, қәҿиарала аус зуа аполициеи, ихьыҧшым апрокуратуреи, арбџьармчқәеи, аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи роуп атәыла ашәарҭадареи ишәарҭам алагылазаареи еиқәзыршәо.

„Аполитикатә ганахьала инетралу, қәҿиарала аус зуа аполициеи, ихьыҧшым апрокуратуреи, арбџьармчқәеи, аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи роуп атәыла ашәарҭадареи ишәарҭам алагылазаареи еиқәзыршәо. Ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкааруоп асоциалтә ганахьала иҕәҕәоу, социалла еиқәыршәоу аполициа аусзуҩ шиаку аҳәынҭқарра зықәгылоу, иара иоуп аҳәынҭқарра ашәарҭадара зыхьчо", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат ҷыдала дазааҭгылеит атәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа азҵаара.

„Атәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа ҳаналацәажәо, иаҵшьны иазгәаҭатәуп ари ахырхарҭа ҳтәылауаа ишалырхыз, ҳтәылауаа изныкымкәа уи шьақәдырҕәҕәахьеит еиуеиҧшым аҭҵаарақәа рыла. Абраҟа зегьы реиҳа ихадоу - ҳтәылауаа ари аӡбара рыдыркылеит дара рзы ахадаратә ҵакы змоу апринципқәа рышьаҭа ала. Убри аҟынтә, ҳара иааҧҵәаны иаҳҳәар ҳалшоит ҳтәыла хаангьы европатәи евроатлантикатәи интеграциа амҩа ишанымҵуа. Убри аҟынтә, иарбан напхгаразаалак, дара рзы еснагь ахадаратә хықәкыс иаанхоит алианс алалара. Сара европатәи евроатлантикатәи интеграциа ауп сызлацәажәо. Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп аусеицура аан Қырҭтәыла, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы иаҳа-иааҳа аҵакs аиурц азыҳәан. Иахьазы абри аҩыза хырхарҭас иҟалар ауеит Амшын Еиқәа ашәарҭадара, ари азҵаараҿы Қырҭтәыла аконкреттә функциеи ароли нанагӡар алшоит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат иҳәамҭала, Америка аҟны апартниорра абзоурала, атәыла ашәарҭадара иаҳа иҕәҕәахеит, атәыла арбџьармчқәа рылшарақәа ҭбаахеит, аха, уи адагьы, зыӡбахәы ҳәоу апартниорра атәыла адемократизациа апроцессгьы иацхраауеит.

„Атәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа ҳаналацәажәо, ҳәарада, раҧхьа иргыланы, Еиду Америкатә Штатқәа рҟны ҳстратегиатә партниорра ҳазааҭгылароуп. Ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаауеит ҳтәыла ашәарҭадара зырҕәҕәо, ҳарбџьармчқәа рылшарақәа еиҕьазтәуа абри апартниорра, иара убас, ҳтәыла адемократизациа апроцессгьы ишацхраауа. Аха, зегьы реиҳа ихадоу, анеҩстәи ашықәсқәа рзы аҧыжәара амазароуп аекономикатә хырхарҭагьы. Араҟа зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра аҵакы ду амазаауеит. Ҳәарада, раҧхьатәи аетап азы ари ашьаҿа ҳтәылазгьы арегион азгьы иаҳа аполитикатә ҵакы аиур ауеит, аха, агәра шәсыргар сҭахуп, етапла, аекономикатә хырхарҭала астратегиатә партниорреи аусеицуреи иаҳа-иаҳа ишыҭбаахо", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, аҭакҧхықәрадатә политикцәа аҭакҧхықәра шрыду еилырымкаауазар, атәыла аҿиара аҽалархәра рҭахымзар, аҳәынҭқарратә сектор ауп атәылауаа ринтересқәа зыхьчаша, ари асектор аполитикатә ганахьала анеитралтә позициа амазароуп.

„Иҕәҕәоу аҳәынҭқарратә аппарати, акомпетенциа бзиеи аламыси змоу аҳәынҭқарратә маҵзуҩи иахьазы зеиҧшҟамлац аҵакы рымоуп, избанзар иахьазы атәыла амбициатә планқәа амоуп. Ҳара 2024 шықәсанӡа атәылаҿы астандартқәа зегьы убас ишьҭаҳхроуп, ҳхы ҳақәгәыҕны, Евроеидгыла алахәызааразы азыҳәамҭа аҟаҵара ҳалшаратәы. Уи акоуп, насгьы, амбициатә хықәкқәа рынагӡаразы атәылаҿы есымша зҵакы дуу актуалтә реформақәа мҩаҧгатәуп. Қәҿиарала аус зуа, зкомпетенциа ҳараку аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рыда ҳара абарҭ ареформақәа ҳзымҩаҧаагом. Аҩбатәи ахәҭа - ишыжәдыруа ала, иахьазы Қырҭтәыла ишьақәгылоуп адемократиатә напхгараҭаратә система, апарламенттә демократиа апропорциатә системала, насгьы 2024 шықәса инаркны апропорциатә система наӡа ала. Абри асистемаҿы зквалификациа ҳараку, аламыс змоу аҳәынҭқарратә маҵзуҩы ахадаратә роль наигӡоит. Аҭакҧхықәрадатә политикцәа аҭакҧхықәра шрыду еилырымкаауазар, атәыла аҿиара аҽалархәра рҭахымзар, аҳәынҭқарратә сектор ауп атәылауаа ринтересқәа зыхьчаша, ари асектор аполитикатә ганахьала анеитралтә позициа амазароуп. Уи ҳзыҟамҵар, сара сызлацәажәо аҭакҧхықәрадара, ишиашоу, ҳтәылауаа рыҧсҭазаашьа ианырҧшуеит. Ҳара ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаароуп аҳәынҭқарратә сектори аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа шракәу ҳтәылауаа есымшатәи рмышхәыбзазара зхьыҧшу. Убри аҟынтә, акомпетенциеи аламыси змоу аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рсоциалтә аиқәыршәареи рџьаусҧса ацҵареи ҳаналацәажәо, дара ишрыхәҭоу еиҧш рыхә шьазарц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟаҳҵароуп, избанзар дара роуп ҳҳәынҭқарра шьаҭас иамоу", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иара иажәақәа рыла, џьоукы ишәеит, егьырҭ цқьа ирзеилымкааит, насгьы зхатә партиатә амбициақәа ирықәныҟәогьы иҟоуп, урҭ рызынтәгьы рхатә интересқәа атәыла аинтересқәа раҵкыс иаҳа иҳаракны иқәдыргылеит, аха, атәыла изаангылом, абри аҩыза аҭакҧхықәрадатә хымҩаҧгашьа изақәныҟәом.

Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, 2021 шықәсазы, ҷыдала уи аҩбатәи азбжазы, Қырҭтәыла аекономикатә потенциал аиҭашьақәыргылара иалагоит. Қырҭтәыла, апандемиа анеҩстәи аглобалтә економикатә конкуренциаҿы ахатә ажәа аҳәара алшоит.

„Ҳара ҳзышьцылам аҭагылазаашьаҿы аусура ҳақәшәоит; аглобалтә пандемиа, арегион аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа, аглобалтә економикатә кризис, атәылаҿы иҟоу аполитикатә проблемақәеи адемократизациа апроцесси. Ҳалхыҩцәа ишырыӡбаз ала, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, абарҭ аҳасабтәқәа ҳаӡбароуп, - иҳәеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, апарламент иахьатәи аилатәараҿы аоппозициа ахаҭарнакцәа ахьыҟам игәы иалоуп, избанзар ажәа „ҳаицны" иаанагоит изҩыдоу адискуссиеи аимаки раан иаҳа ииашоу, иаҳа ихырхагоу аӡбара адкылара.

„Ишәаз иҟоуп, егьырҭ цқьа ирзеилымкааит, насгьы зхатә партиатә амбициақәа ирықәныҟәогьы иҟоуп, урҭ рызынтәгьы рхатә интересқәа атәыла аинтересқәа раҵкыс иаҳа иҳаракны иқәдыргылеит, аха, атәыла изаангылом, абри аҩыза аҭакҧхықәрадатә хымҩаҧгашьа ҳзақәныҟәом. Атәыла аҿиара ҳзаанкылом имароу мзызк амшала - ҳара есымша аконкреттә проблемак аҭыҧқәҵаразы аусура ҳақәшәоит. Аусуратә ҭыҧқәа, социалла ихьчам ауааҧсыра, ахҵәацәа, зықәрахь инеихьоу ҳуааҧсыра, ҳтәанчуаа. Ҳара аоппозициа рыда абарҭ азҵаарақәа ҳанрылацәажәо, ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаароуп ҩынтә еиҳаны аҭакҧхықәра шҳаду, избанзар дара ҳтәылауаа рҿаҧхьа рхы иадырҵараны иҟаз аҭакҧхыҟқәра ҳара ҳахь ииасит, ҳара уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит. Убри аҟынтә, шәҳацымхраауазар, атәылаҿы апроблемақәа анырцәоу, аглобалтә кризис аан шәҳацхраар шәҭахымзар, ҳашәҧырхагамхан. Ҳара акритика ҳацәшәом, аха, аконкреттә политикатә партиак акәымкәа, аҳәынҭқарра иаҿагылоу адеструктивтә хымҩаҧгашьа ала ҳашәҧырхагамхан. Аҳәынҭқарратә институтқәа мацара ракәымкәа, аҳәынҭқарра ахаҭа аделегимитациа иазку ашьаҿақәа лабҿаба иубарҭоуп. Иҭшәоу аполитикатә интересқәа рынагӡаразы аҳәынҭқарра аделегитимациа акырӡа ишәарҭоу шьаҿоуп, уи аконкреттә партиак акәымкәа, атәыла аҧеиҧш иаҧырхагоуп, ҷыдала ҳтәылаҿы апроблемақәеи аҳасабтәқәеи абас ианырацәоу, аглобалтә пандемиеи аглобалтә економикатә кризиси раан. Аха,ус ишыҟоугьы, агәра шәсыргар сҭахуп 2021 шықәсазы, ҷыдала уи аҩбатәи азбжазы, Қырҭтәыла аекономикатә потенциал аиҭашьақәыргылара ҳшалаго. Қырҭтәыла, арегион аҿгьы, аглобалтә аҩаӡараҿгьы апандемиа анеҩстәи аконкуренциа қәҿиарала алахәызаара алшоит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa