Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2019 шықәсaзтәи aхҭысқәa

AMEE арегионалтә хаҭарнакра аартра Print Version

2019-05-23

  ..

Амедицинатә маҵзура ала ауаа реиқәыршәара аганахьала Қырҭтәыла, арегион аҿы аҧхьагылара шаиуа агәра згоит, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе Қарҭтәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аҿы амедицинатә аҵара жәларбжьаратә ассоциациа (AMEE) арегионалтә хаҭарнакра аартра ацеремониаҿы данықәгылоз.

Аҧыза-министр амедицинатә аҵара жәларбжьаратә ассоциациа, AMEE ацентр аартра аҵакы далацәажәан, ари ақәҿиара зыбзоуроу ауаа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

„Қырҭтәыла амедицинатә аҵара жәларбжьаратә центрс ишьақәгылоит, ари ашьаҿа аҵакы ду амоуп азеиҧш европатә қәыҧшылара ашҟа ҳтәыла аинтеграциа аганахьалагьы. AMEE арегионалтә ҩ-центрк амоуп, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет ахҧатәи центрхоит, уи, ҳрегион адагьы, Европа алада-мрагыларатә ахәҭагьы ихнаҩоит", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, Қырҭтәыла апотенциал ду амоуп еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа 2 миллиардк амедицинатә маҵзурақәа рыдгаларазы. Мамука Бахтаӡе иҳәамҭала, амедицинатә аҵара ақырҭуа милаҭ рзы зҵакы дуу традициоуп.

„Ҳара ауаа зегьы реиҳа ирҭаху амедицинатә занааҭқәа ааҳарҧшит, 10 шықәса рышьҭахь абарҭ азанааҭқәа иаҳа иҳҭаххоит, убри аҟынтә, шәуниверситет аҵакы ҷыдеи аҭакҧхықәреи анашьоуп. Ганкахьала, игыло аҿар зыҩаӡара ҳараку аҵара аиура алшара рзеиқәҳаршәароуп, егьи аганахьала, Қырҭтәыла аекономика еиқәҳаршәароуп даараӡа иқәҿиароу амедицинатә усхкы аҧҵараҿы иҳацхрааша апрофессионалцәа рыла. Қырҭтәыла атәылауаа излаҽхәаша, ҳгәылара иҟоау аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа зхаҭабзиара ҳараку амаҵзура рызҭаша амедицинатә усхкы еиҿаҳкаароуп. AMEE иахьа ирыдыркылаз аӡбара абзоурала, ари ахықәкы анагӡара ҳзымариахоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Мамука Бахтаӡе.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, Қырҭтәыла ахатә ҭоурыхтә арккаратә центр ароль архынҳәроуп.

„Ҭоурыхла, Қырҭтәыла ари ароль аман, ақырҭуа цыҧхьаӡа уи далаҽхәон. Убри аҟынтә, ҳара ҳзы ари аӡбара аҵакы ду амоуп. Ҳәарада, ари ашьаҿа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит амедицинатә университет аҿы имҩаҧысуа ареформақәа азхаҵара шрымоу. Амедицинатә аҵара ҳаналацәажәо, раҧхьа иргыланы, аҿыцҧшьгаратә азнеишьа ауп ҳазлацәажәо. Адунеи аҿы ари аусхкы зегьы реиҳа ирласны аҿиара иаҿуп. Ҳаргьы ҳаҵахар ҟалом, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Мамука Бахтаӡе амилаҭтә идеиа аҳасаб ала, аҵара аусхкы дазааҭгылеит. Иара ишиҳәаз ала, уи 21-тәи ашәышықәсазы Қырҭтәыла ақәҿиара азаазгаша мҩа заҵәуп.
„Синициатива иадҳәаланы акритика ҕәҕәа саҳаит. Синициатива инақәыршәаны, ҳбиуџьет аҧшьбарак аҵара аусхкы иалаҳҵароуп. Иахьагьы аҕарра ахьыҟоу атәылазы ари аӡбара аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аамҭакала, уи 21-тәи ашәышықәсазы Қырҭтәыла ақәҿиара азаазгаша мҩа заҵәуп. Ҳәарада, амедицинатә уаажәларра ари апрогресс аханы игылазаауеит", - иҳәеит Мамука Бахтаӡе.

Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, аспорти рминистри, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәеи, амедицинатә усхкы ахаҭарнакцәеи.

Қырҭтәыла иаадыртыз AMEE жәларбжьаратә усеицура ацентр хықәкыс иамазаауеит амедицинатә аҵара ҳаамҭазтәи атехнологиақәа раларҵәареи, иара убас, иреиҳаӡоу амедицинатә ҵараиурҭақәа ракадемиатәи радминистративтәи персонали, амедицинатә аҵара аекспертцәеи, егьырҭ аструктурақәа рхаҭарнакцәеи атематикатә тренингқәа рзы
мҩаҧгареи.

Аҧызa-министр ипрессмaҵзурa