Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2019 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза – министр аҧсабарахьчаратә омбудсменс Девид Морисон дықәиргылеит Print Version

2019-05-02

  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр аҧсабарахьчаратә омбудсменс Девид Морисон дықәиргылеит.

Аҧсабарахьчаратә омбудсмен иқәыргылара аан Қырҭтәыла Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Девид Морисон Қырҭтәыла абиохкырацәара ахьчара аус аҿы илагала дууп, 10 шықәса еиҳаны ари ахырхарҭала аус иуеит.

Мамука Бахтаӡе иҳәамҭала, Девид Морисон аҧсабарахьчаратә уаажәларраҿы ибзианы дырдыруеит, иара акыршықәса рыҩнуҵҟа Кавказ аҧсабаратә фонд дахагылан.

„Иара убас, жәларбжьаратә уаажәларрагьы Девид Морисон иҧсабарахьчаратә усура ала дырдыруеит. Девид аҧсабарахьчаратә усура иадҳәалоу аганқәа зегьы аус рыциуеит - аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, Қырҭтәыла апарламенти, атәылауаҩратә уаажәларреи, адонор аиҿкаарақәеи жәларбжьаратә аиҿкаарақәеи", - иҳәеит Мамука Бахтаӡе.
Аҧыза-министр агәра ганы дыҟоуп аинститут ҿыц аҧсабарахьчара аганахьала атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара ишацхраауа. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аҧсабара ахьчара азҵаара апринциптә ҵакы амоуп атәылеи игыло абиҧареи рзы, убри аҟынтә, ауаажәлар активла ари аус иалахәызароуп.

„Аекономика иаҵәеи иҭышәынтәалоу аҿиареи альтернатива рымам, убри ауп Қырҭтәыла аекономикатә потенциал инаӡаны ахархәареи, аҕарра аҿагылареи, игыло абиҧара аҧсабара рзыхьчареи аҿы иҳацхрааша. Қырҭтәыла аҧсабарахьчаратә стандартқәа рышьҭыхреи европатәи астандартқәа рзааигәахареи азыҳәан ҳара хымҧада апринциптә шьаҿақәа ҟаҳҵароуп. Абри ауп аҿиаразы ииашоу мҩа заҵәыс иҟоу. Ҵыҧх, аиҳабыратә программа анцәыраагоз, сара аргама иаасыцҳаит аҧсабарахьчаратә омбудсмен иинститут абзоурала аинклиузивреи алахәызаареи аизырҳара шҳалшо. Зыӡбахәы ҳәоу аинститут аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла иҟоу аекологиатә проблемақәа рҧыхразы. Ҳара уажәтәи аҭагылазаашьа ҳазхәыцроуп - аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟала атәылаҿы аҭакҧхықәрадатә политика мҩаҧган, аҧсабарахьчаратә принципқәеи аинтересқәеи иатәарбомызт. Абри зегьы алҵшәа цәгьа ахылҵит, ҳара иахьагьы абарҭ алҵшәақәа рҧыхра ҳаҿуп. Акрызҵазкуа апринциптә реформақәа мҩаҧгатәуп, Қырҭтәыла атәылауаҩ цыҧхьаӡа ари апроцесс далахәызароуп, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа зегьы ари аус рнапы адыркыроуп", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы, уи Девид Морисон ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Аинститут ҿыц иаҧҵан Мамука Бахтаӡе иинициативала, уи аҧсабарахьчаратә зинқәеи аинтересқәеи рыхьчара иазкуп. Аомбудсмен аҧсабарахьчаратә зҵаарақәа рҿы алегитимациа ҕәҕәа иоуеит, уи азҵаарақәа зегьы ирыхәаҧшуа амаӡаныҟәгара имазаауеит. Аомбудсмен зҵакы дуу азҵаарақәа рзы абжьгарақәа ҟаиҵоит, азакәанҧҵара иалагалатәу аҧсахрақәагьы уахь инрылаҵаны. Иара убас, иаарту ахцәажәарақәа дрылахәхәоит, ари аус иазҿлымҳау аганқәа зегьы абжьгарақәа риҭоит.

Аҧсабарахьчаратә омбудсмен иқәыргылара инамаданы аботаникатә баҳчаҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә рхы аладырхәит анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәеи, Қырҭтәыла аус зуа адипломатцәеи, аҧсабарахьчара аусхкы аекспертцәеи.