Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Аиҳабыра рыӡбара ала, ажәлар рыгәҭа аларҵәара змоу асоциалтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара амзызла аҵакыра рыҭара иқәиҭымуп Print Version

2021-04-08

Ажәлар рыгәҭа ишьақәыргылолу асоциалтә уснагӡатәқәеи (иаҳҳәап, ачара, аиубилеи, аҧсхәара, уҳәа убас егьырҭгьы) амассатә гәырҿыхаратә уснагӡатәқәеи рымҩаҧгара амзызла аҵакыра рыҭара/рзоушьҭра иқәиҭымуп, - иашьашәалоу аҧсахрақәа алагалоуп „Аҽыҧхьакреи акарантини иазку ашьақәыргыламҭа иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара ашҟа.

Ақәҵара инақәыршәаны, аҵакыра зтәу ауаҩҧсы, иахәҭоу аҭагылазаашьақәа ирышьашәаланы, аиқәшаҳаҭра ала аконкреттә аҧкрақәа рышьақәыргылара алагьы, аиҳабыра рықәҵара ала иқәиҭыму ауснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы ауаа аҵакыра рзоушьҭра аҟынтә иҽааникылароуп. Иара убас, аҵакыра аҧшәма, зыӡбахәы ҳәоу аҧҟара аилагара иазкны аинформациа иоур, зыҧшра ҟамҵакәа, иашьашәалоу аорганқәа адырра риҭароуп.

Иара убас, иқәиҭыму ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара аан акоронавирус (COVID-19) аларҵәара аҽацәыхьчара амзызла агәабзиарахьчара аминистр лыдҵа ала ишьақәыргылоу аҳәарақәагьы еиларгар, Аџьаус аинспекциа амаҵзура, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә еиқәшаҳаҭны, ауаа аобиект ашҟа рынамышьҭра азин амоуп. Азин ада аобиект аҩналара, ма Аџьаус аинспекциа амаҵзура ала зыӡбахәы ҳәоу аобиект иазышьақәыргылолу аҳәарақәа ратәамбара ҟалом.

Ишдыру ала, амч змоу азакәан инақәыршәаны, атәылаҿы амҩаҧгара ҟалом ажәлар рыгәҭа аларҵәара змоу, 10ҩык иреиҳаны ауаа ахьеизо ауснагӡатәқәа, урҭ рыбжьара, ачарақәеи, аиубилеиқәеи, аҧсхәарақәеи, уб. егь..

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Иракли Ҕарибашвили „Аҽыҧхьакреи акарантини аҧҟарақәа рышьақәыргылара иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара ашҟа иалагалоу аҧсахрақәа инапы рыҵаиҩхьеит.

Иахьатәи абрифинг аҿы аиҳабыра рықәҵара далацәажәеит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны аус зуа Аоперативтә штаб аиҳабы Гьаргь Ҕибраӡе. Иара атәыла аепидемиологиатәи ҭагылазаашьеи арегулиациақәа рықәныҟәара аҵаки дазааҭгылеит.

„Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп. Убри аҟынтә, ҳаҧхьаҟа ҭагылазаашьа иаҳа еицәамхарц, иаҳа иџьбароу арегулиациақәа рышьақәыргылара ҳақәымшәарц азыҳәан, ҳара ҳазынтәгьы уажәазы амч змоу арегулиациақәа ҳрықәныҟәалароуп, ҳакәша-мықәша иҟоу ауаа ҳреиҷаҳароуп - асабрадақәа ҳҿазароуп, асоциалтә дистанциа ҳахьчалароуп", - иазгәеиҭеит Гьаргь Ҕибраӡе.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa