Қырҭтәылa aиҳaбырa – Ажәaбжь ҿыцқәa

Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо абитуриентцәа аҧышәарақәа рҭира рықәшәом, дара рҵара ахәҧса аҳәынҭқарра иашәоит Print Version

2020-07-06

Қырҭтәыла Аиҳабыра рыӡбара ала, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо абитуриентцәа дара рхала иалырхуа иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рахь ирыдыркылоит иаку амилаҭтә ҧышәарақәа рыда, аҳәынҭқарра дара рҵара ахәҧса инагӡаны ашәаразы аҧара алнахуеит аҳәынҭқарратә грант амақсималтә хыҧхьаӡара инақәыршәаны.

Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа рыда иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалоит, аҳәынҭқарратә аҵаратә грант роуеит аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩнуҵҟа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхоз, уаҟа аҵара зҵоз, уаҟа азеиҧш ҵара наӡа ишалгаз атәы хыршаҳаҭуа адокумент зауз абитуриентцәа. Зыӡбахә ҳәоу адокумент хымҧада иазхаҵазароуп Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, аспорти рминистрра ала.

Абри аҧҟара рхы иадырхәар рылшоит Азербаиџьан инхо, Қырҭтәыла иатәылауаау абитуриентцәа.