Қырҭтәылa aиҳaбырa – Аиҳaбырa aлaхәылaцәa

Рати БрегаӡеҚырҭтәылa aиустициa министр Рати Брегаӡе.

Диит: ҧхынҷкәын 12, 1982 ш.

Аҵара:
2008 - 2011 шш.. - Гамбургтәи ауниверситет азиндырратә факультет - адокторантура; аҵарадырратә аҩаӡара ианашьоуп: азиндырра адоктор (Dr.iur);

2006-2007 шш.. - Гамбургтәи ауниверситет азиндырратә факультет - амагистратура; аҩаӡара ианашьоуп : азиндырра амагистр (LL.M.);

2005-2006 шш..- Гамбургтәи Мақс-Планк ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи атәылақәа рзини жәларбжьаратәи хазхаҭалатәи азини аинститут (аҵарадырратә маҵураныҟәара);

2003 ш. - Заарландтәи ауниверситет азиндырреи аекономикатә ҵарадырреи рфакультет (аҵаратә маҵураныҟәара);

2000-2005 шш. - Иу. Џьавахишьвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аиуристтә факультет; ианашьоуп аклассификациа: аиурист (амагистр иашьашәалоу аҩаӡара);

Ҩажәа раҟара аҭыҧантәии жәларбжьаратәии аконференциақәа дрылахәын.

Қырҭтәылеи Германтәылеи аҵара аниҵоз, атәыла ахадеи, иара убас, Мемед Абашиӡе ихьӡ зхуи, Германтәыла академиатә аиҭныҧсахларатә маҵзуреи, насгьы, Конрад Аденауер ифонди рҟынтә астипендиақәа иоуан.

Аусуратә ҧышәа:

2017-2019 шш.- Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра; адиаспора рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент адиректор;

2016 ш.- Адиаспора рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат; аминистр ихаҭыҧуаҩ

2015-2016 шш..- аилахәыра Жәларбжьаратәи аҵаратә центр; анагӡаратә директор ихаҭыҧуаҩ

2015 шш.. - Қырҭтәыла ауниверситет - азиндырратә факультет; инаҧхьоу алектор

2015-2016 шш.. - Сулхан Саба Орбелиани ихьӡ зху аҵаратә университет - азиндырратә факультет; анаҧхьоу алектор

2012-2013 шш. - аилахәыра Ахәыҷқәеи аҿари рмилаҭтә центр; ацентр аиҳабы

2012-2015 шш.. - Аспорти аҿари русқәа рзы аминистрра; аминистр ихаҭыҧуаҩ

2011- 2012 шш.. - аиуристтә еилахәыра „Мгалоблишвили, Ҟиҧиани, Ӡиӡигури"(МҞӠ) аиурист, германтәылатәи ахырхарҭа анапхгаҩы

2019 ш. - Кавказтәи ауниверситет; апрофессор.

2021 шықәса мшаҧы 1 инаркны - Қырҭтәыла аиустициа аминистр.

Аҭаацәаратә ҭагылазаашьа: Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахылҵ имоуп.