Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2023 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2023 шықәсa жьҭаара 9 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2023-10-09

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 8 зҵаарак ирыхәаҧшит.

Изхәыҧшыз азҵаарақәа иреиун „Азеиҧш аҵара иазку" Қырҭтәыла азакәан аҧсахрақәа алагалара иазку азакәанпроект.

Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, 2024-2025 аҵаратә ашықәс азы актәи акласс аҭаларазы арегистрациа иахысыр рылшоит ҧхынҷкәын 1-нӡа 6 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа.

Иара убас, 2025-2026 аҵаратә ашықәс инаркны, аҭаацәа ирҭаххар, алагамҭатә аҩаӡараҟны аҵара иалагар рылшоит аҵаратә ашықәс алагара адырҩаҽны инаркны ҧхынҷкәын 31-нӡа 6 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәагьы.

Аӡбара инақәыршәаны, ахәыҷқәа разыҟаҵареи рхадаратә интересқәеи иазҧхьагәаҭаны, 2024-2025 аҵаратә ашықәс алагара адырҩаҽны инаркны ҧхынҷкәын 1-нӡа ииз ахәыҷқәа алхра аҟаҵара алшара роуеит - ашколнӡатәи аҵара иахысыр рылшоит аҵаратә азыҟаҵара апрограмма аҽалархәрала, мамзаргьы актәи акласс иҭалар рылшоит. Абри аҩызаҵәҟьа апҟара амч амазаауеит 2025-2026 аҵаратә ашықәс азгьы, цәыббра 16 инаркны ҧхынҷкәын 31-нӡа ииз ахәыҷқәа рзы.

Аиҳабыра реилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, ари аӡбара рыдыркылеит атәылауаа рҟынтә ироуз арзаҳалқәа рацәа рышьаҭала, арҭ арзаҳалқәа рҿы атәылауаа аҳәара ҟарҵоит Қырҭтәыла алагамҭатә аҩаӡараҟны аҵара алагара ақәра ҳәаақәызҵо анормақәа реиҭахәаҧшразы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура