Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ипрессаконференциа Print Version

2024-05-12

Мшыбзиақәа,

Ишыжәдырука еиҧш, уаҵәи уаҵәашьҭахьи Қырҭтәыла апарламент „Атәым анырра иазку" азакәан ахҧатәи аҧхьарала иаднакылараны иҟоуп. У3аҵәы азакәанпроект акомитетаҿ иахәаҧшуеит, уаҵәашьҭахь - апленартә аилатәараҿы азакәан рыдыркылоит.

Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла апарламенттә демократиа шыҟоу, ҳтәылаҿы аӡбара рыдыркылоит аполитикатә аиҵара ишырҭаху акәымкәа, ажәлар реиҳара ринтересқәа инрықәыршәаны.

Асоциологиатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла ауааҧсыра 80 наӡына еиҳаны иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа раартызаара иадгылоит, 60 наӡына еиҳаны - „Атәым анырра аартызаара иазку" азакәан адкылара иақәшаҳаҭуп. Убри аҟынтә, уаҵәи уаҵәашьҭахь, апарламент ақырҭуа жәлар рҭаххара нагӡаны, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи рхашәалеи рхарџьқәеи раргаматәра еиқәнаршәоит, уи абзоурала, Қырҭәтылаҿ акыраамҭатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәыршәаразы иаҳа иҕәҕәоу агарантиақәа ҳауеит.

Атәыла, еснагь, аполиаризациа иарку агежь аҩныҵҟа иҟазар ҟалом, ари аҭагылазаашьа ххықәкыла аҳәаанырцәынтә еиҿкаауп, ари апроцессаҿ ароль ду нанагӡоит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи рфинансыркра аркызаара. Ҳара аантә атәыла анапхгараҭҭара амандат ҳазҭахьоу, жьҭааразы ижәынтәны ари амандат ҳазҭо ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа аҭак ҳаҧхықәуп аҳәаанырцәынтә хықәкыла иҳадырцало аполиаризациа аҧыхреи, арадикализациа аҵыхәҧҵәареи азы.

Иҵаҵгәырку аинформациа ҳамоуп арадикалтә оппозициаа еиҿыркааз, аәаанырцәынтә аҧара зхауа аҿартә гәыҧқәа уаҵәи уаҵәашьҭахьи Қырҭәтыла апарламенти аполитицеи ирҿагыланы амчыларатә актқәа рымҩаҧгара ргәы ишҭоу. .

Арадикалтә оппозициа амчыларатә гәыҧқәа рылахәылацәа зегьы агәҽанҵара рысҭар сҭахуп, рызынтгьы амчыларазы ахьырхәра ҕәҕәа шроуа.

Иара убас, азинхьчаҩцәа срыҳәар сҭахуп излауа ала ачҳара аарҧшны, амчылареи аҳаҭыр аларҟәреи афактқәа рықәҿыҭрааан иҳаракӡоу европатәи астандартқәа инрықәыршәаны рхы мҩаҧыргарц.

Азинхьчаҩцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп амчылара афактқәа шырацәазгьы, иҳаҩсыз мчыбжьқәак рыҩныҵҟа америкатәи европатәи астандартқәа рыла рхы ахьымҩаҧыргоз азыҳәан.

Иҳаҩсыз амчыбжьқәа рзы аӡәгьы игәамҧхаша, изудымкыло иалкаатәу аинцидентқәак ҟалеит. Қырҭтәыла хәыҷуп, ҳуааҧсыра зегьы дара-дара ҷыдала еиҷаҳароуп. Убри аҟынтә, ақырҭуа азинхьчаҩцәа, америкатә ма франциатә аполицаицәа иреиҧшымкәа, амчылара афактқәа рықәҿыҭраан иџьбароуп аформақәа рхы иадмырхәароуп. Абрааҵәҟьа шәызынтәгьы ишәгәаласыршәар сҭахуп арадикалтә оппозициаа, дара зымҩаҧгаара ргәы иҭоу амчылара хырҩарц азыҳәан, иарбанзаалак аинцидент рхы ишадырхәо.

Уаҵәи уаҵәашьҭахьи амчыларатә актқәа рымҩаҧгара згәы иҭоу арадикалтә оппозициа ахаҭарнакцәа зегьы агәҽанҵара рысҭар сҭахуп, иҟарҵо ацәгьаура цыҧхьаӡа азинтә ақәҿыҭра ҕәҕәа шаиуа, нас, Саломе Зурабишвилигьы дызшәыхәом, ашьауҕа шәхыхра лылшом.

Иҳаҩсыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа индыркны Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари аҭынчратә протест акультурала иалкаан. Амчыларатә политикатә гәыҧ, аколлективтә Амилаҭтә ҵысра, анапхгараҿы ианыҟаз, 2004-2012 шықәсқәа рзы, рнапхгаратә система зегьы амцҳәареи амчылареи ашьаҭаала ишьақәгылеит, уажәы ақырҭуа культура абри адырганы иаҧыхны, амчыларатә протест акультура шьақәдыргылара рҭахуп. Адиссиденттәи „Ақырҭуа гәахәтәы" акциақәа рҿы ауаа гәыкала иныҳәон, ашәа рҳәон, уажәы, аарадикалтә оппозициаа Молотов икоктеильқәеи ахаҳәқәеи рхы иадырхәоит.

Ианаамҭаз, атәым мчқәа амч ахархәареи ахаҳәқәа рыршәреи ала аанапхгарахьы иааргаз „Амилаҭтә ҵысра", анапхгараҿы ианыҟаз, аҭынчратә митингқәа реимырпразы амч рхы иадырхәон, уажәы, аоппозициаа раҳасабала амчылара нарыгӡоит. Ҳәарада, аҳәынҭқарра, аколлективтә „Амилаҭтә ҵысреи" аҳәаанырцәтәи рпартниорцәеи азин рнаҭом ҳтәылаҿы аҭынчратә протест ақырҭуа культура ацынхәрас амчыларатә протест атәым культура шьақәдыргыларц.

„Амилаҭтә ҵысра" анапхгаараҿы ианыҟаз, дара рзы убасҟангьы амчылареи акультурадареи иҟазшьарбаган, уажәгьы, аоппозициаа раҳасабала, амчылара нарыгӡоит, уи ақырҭуа культура иашьашәалам. Қырҭтәылаҿ абри атәым культура аларҵәара имаӡоу аҧара еиқәа иадҳәалоуп, убри азоуп иахьа арадикалтә оппозициеи аҳәаанырцәтәи рҩызцәеи абри аҧара аарҧшра зырҭахым, аартызаара абас изаҿагылоу.


Иахьа ақырҭуа ҳәынҭқарра ахьыҧшымра зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп, ҳтәыла ахьыҧшымра иаҳа иҕәҕәахоит. Уи инаваргыланы, Қырҭтәылаҿ иаҳа иҕәҕәахоит аиашареи азакәани реиҳаӡара Убри аҟынтә, даҿазнык әшызынтәгьы ажәа шәаҳҭоит аҳәынҭқарреи, аҳәынҭқарратә инститиутқәеи, аполициа аусзуҩцәеи рзы знапы шьҭызхыз ауаа зегьы азакәан аҿаҧхьа аҭакҧхықәра ҕәҕәа агара шрықәшәо.
Аҵыхәтәаны, ҳзинхьчаҩцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аҳәынҭқарратә интересқәеи ауаажәларратә аиҿкаареи ахьчаразы, насгьы, срыҳәар сҭахуп амитинг алахәылацәа рҟынтә амчыларатә фактқәеи аҳаҭыр аларҟәра афактқәеи рықәҿыҭраан излауа аала ачҳара аадырҧшырц.


Русҭави 2, Елита Андҕулаӡе - Ҳәарада, сара сызҵаара аартызаара иазку азакәани уаҵәы О'Браиен Қырҭтәылаҟа иаареи иадҳәалоуп. Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ иҳәамҭақәа изныкымкәа иҳаҳахьеит. Иара ишиҳәо ала, Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа агәынамӡаара изцәырыргоит, иара убас, иара асанкциақәагьы дрылацәажәоит. Шәара Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ивизит аҟынтәи шәыззыҧшуи, асанкциақәа шьақәдыргыларыма, иара дызлацәажәо зегыь реиалра иҟарҵарыма, шәгәы ишҧаанаго?

Аҧыза-министр - Сара имарианы аҭак ҟасҵар сылшоит - асанкциақәа рылацәажәара иахәҭам ҳәа сгәы иаанагоит. Иҭабуп.

Формула, Ника Саџьаиа - Ҳаҭыр зқәу Иракли, ишышәҳәаз еиҧш, аҭҵаарақәа мҩаҧган. Иҟалозар, иҳашәҳәа, аҭҵаарақәа мҩаҧызгада, арҭ аҭҵаарақәа ианбамҩаҧгаз, адыррақәа иабантәаажәгеи. Насгьы, азакәан иаҿагыланы иацы адәахьы идәылҵыз ауаа шырацәаз жәбеит, апротест ҟазҵо ауаа рацәоуп. Шәара ишышәҳәаз ала, амчылара ҟалар шыҟало азы аинформациа шәымоуп, ҽакала иаҳҳәозар, иашьашәалоу аорганқәа адырра роухьеит. Амчылара ҟамларцаз, амчылара апревенциазы иҟашәҵоит?

Аҧыза-министр - Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амчыларатә фактқәа рпревенциазы иаҭаху зегьы ҟарҵоит, аха, уи ҟалом ҳәаиааҧҵәаны аҳәара уадаҩуп. Арадикалтә мчқәа амчылара иӡбаны ирымазар, ирылшо ала рплан анагӡара рҽазыркуеит. Араҟа зегьы реиҳа ихадоу, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа, европатәии америкатәии астандартқәа рыла акәымкәа, иаҳа иҳараку астандартқәа рыла рхы мҩаҧыргароуп, уи иахьатәи ҳаиҳабыреи аконкреттә азинхьчратә органқәеи рзы иҟазшьарбагоуп, убри алоуп иахьатәи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Мерабишвилии гахариеи рхаантәи аминистрра излеиҧшым. Абри астандарт хымҧада ихьчазауеит, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апревенциазы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит.
Аиҳареи аиҵареи ирыдҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп - ҳаара асоциологиатә ҭҵаара мҩаҧаагеит. Аҭҵаара мҩаҧган зкомпетенциа ҳараку аиҿкаара, уи ахьӡ сҳәар сҭахым, аха, шәаргьы ибзианы ижәдыруеит ҳҳаара аус ҳацызуа. Уи аквалификациа ду змоу, ибзиааӡаны ззанааҭ здыруа гәыҧҩык аспециалистцәа рыла еиҿкаау аиҿкаароуп. Ҳуааҧсыра 80 наӡына иреиҳаны иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русура аартызар рҭахуп. Азакәан ахаҭа иазкны ианразҵаа, 61 наӡына и шьақәдырҕәҕәеит ари азакәан адкылара ишақәшаҳаҭу, убри аҟынтә, ҳазынтәгьы ибзианы иаабоит ажәлар ирҭаху, ҳуааҧсыра изыдгыло.
Акциақәа ҳрылацәажәозар, ҳараа акциа анымҩаҧаагоз, иацтәи акциа аасҭаа акырӡа иаҳа ирацәаны ауаа еизеит. Убри аҟынтә, ҳара ҳуааҧсыра реиҳаара рҭаххара наҳагӡароуп, насгьы, дара арационалтә аӡбара рыдыркылеит. Абри зегьы апарламент иаднакыло акт аҿы иаарҧшызароуп.

Русҭави 2, Елита Андҕулаӡе
- Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, сызҵаара сазыхынҳәыр сҭахуп. Интересс исымоуп, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ ивизит аҟынтәи шәыззыҧшуи, шәгәы ишҧаанаго, Қырҭтәыла, мамзаргьы, аконкреттә хаҿқәак асанкциақәа рзышьақәдыргыларыма?
Аҧыза-министр - Иааркьаҿны аҭак ҟасҵеит, аха, интересс ишәымазар, иаҳа инарҭбааны ишәасҳәоит. Еиҭасҳәар сҭахуп, асанкциақәа рызҵаара сериозла рыхәаҧшра иахәҭам, атәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари абри аҩыза ақәмақаррала ашантаж рзыҟаҵара ҟалом. Иҳаҩсыз 30 шықәса рыла ақырҭуа жәлар ирхысыз рацәоуп, аиҳабыра ҳрылацәажәозар, ҳара, ҳпартиа аҳаҭыртә хантәаҩы, ҳпартиа ашьаҭаркҩы, ҳаҭыр ззқәу Биӡина Иванишвили исахьала аҿырҧштәы бзиа ҳамоуп, иара мраҭашәара иамеидеит 2 миллиард адоллар, аха, дара абарҭ 2 миллиардк ирҵааит, уцбри аҟынтә, иара, де-факто асанкциақәа изышьақәдыргылеит, аха, абри фе-факто асанкциа иара иӡбаразы изакәызаалак аныррак амоуит. Атәылеи аҳәынҭқарратә интересқәеи ҳанрылацәажәо, иарбанзаалак ашантаж ма ақәмақарра аҵакы амам, уи амшала ҳхьаҵуам. Шәара Қырҭтәыла аҭоурых жәдыруеит. Ари атәылаҿы 3 нызқьшықәса рыҩныҵҟа ауаа ҳтәыла ахьыҧшымра рхы ақәырҵон, убри аамҭазы аӡәы ашантажла уӡбара аҧсахра иҽазикыр, ҳәарада, уи изакәызаалак алҵшәак ахылҵуам. Ақырҭуаа рҟазшьа рыздырӡом ҳәа сгәы иаанагоит, ақырҭуаа рҟазшьа харантә ҽакала иубарҭазар ҟалап.

Русҭави 2, Елита Андҕулаӡе - Уезгьы, абри авизит аҟынтә шәыззыҧшуи

Аҧыза-министр - Қырҭтәылеи Америкеи хықәкыла реицәыхарара акәымкәа, реизааигәахара иалацәажәап ҳәа сгәыҕуеит. Америкатә ҳпартниорцәа рахь ааҧхьара шыҟаҳҵаз жәдыруеит. Ҳтәылауаа рзы авизалиберализациеи, Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭреи. Авизитаан абарҭ атемақәа ирылацәажәап ҳәа сгәыҕуеит. Ҳәарада, уи ҩ-тәылак реизааигәахара иацхраауеит. Астратегиатә партниорра ҳалацәажәозар, абри аҩыза аизааигәахароуп ихадоу, иаҳҳәап, ишиашо авиареисқәа, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра, авизалиберализациа. Убри алоуп ақырҭуа жәлар ишрызныҟәо ишаадырҧшыша, ҳаҭыр зқәу О'Браиен Қырҭтәылаҟа абри аҩыза аинициативақәа рыла даауеит ҳәа ҳгәыҕуеит.

Формула, Ника Саџьаиа - Уажәтәи аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар, алогикала ҳахәаҧшыр, уажәы Америка ҳстратегиатә партниорӡами?

Аҧыза-министр -
Уи акәӡам сара исҳәо. Астратегиатә партниорра аконкреттә шьаҿақәа ацзароуп. Абри аҩыз шьаҿас иҟаалар ауеит авизалиберализациеи, ишиашо аҧыррақәеи, зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра аанапаҵаҩреи, ҳаара абарҭ азҵаарақәа ирызку ааҧхьара ҟаҳҵеит, аха, рыцҳарас иҟалаз, дара рҟынтә иашьашәалоу аҭак ҳмоуит. Астратегиатә партниорра аконкреттә шьаҿақәа рыла иаарҧшызароуп, аха, ашықәсқәа рацәа шиасызгьы, даара авизалиберализациа аума, ишиашоу аҧыррақәа ма зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара аума, арҭ азҵаарақәа ирылацәажәом, абри зегьы астратегиатә партниорразы иҟазшьарбагам.

Формула, Ника Саџьаиа - Америкеи егьырҭ европатәи аҳәынҭқаррақәа арцәеи зҵакы дуу апроектқәа рынагӡараҿы иҳацхраауеит, ҳара ҩ-ганктәи аусеицура ҳабжьоуп, шәаргьы шәсықәшаҳаҭхар ҟалап, шәнапхгараангьы имаҷымкәа зҵакы дуу апроектқәа нагӡан. Шәара авизхалиберализациа азҵаара шәалацәажәоит, уи аҵакы ду амоуп, ҳара, Қырҭәтыла атәылауаа, ари азҵаара иаҳзааанаго ахырҳагара ҳбеит европатәи атәылақәа рҟны аиҭаҵраан, аха, иахьа иаартны ирҳәоит уигьы ҳамырхыр шыҟало, ҳпартниорцәа зегьы абри азакәан амшала Қырҭтәыла анапхгаара акритика рзыруеит. Нас, абри азакәан амшала аабас аҭагылазаашьа арцәгьареи аизыҟазаашьақәа рыҧхасҭатәреи иаҧсоума?

Аҧыза-министр - Иацжәацы шәтелееилахәырантә шәколлега илҳәеит авизалиберализациа ҳзааныркылар, уи Урыстәыла иазеиҕьхоит ҳәа. Авизалиберализациа аанкылара атемагьы исериозым ҳәа сгәы иаанагоит. Шәара шәхаҭа шәазхәыц, Евроеидгыла Урыстәыла иахәаша аӡбара аднакыларыма. Ижәымбои, изакәытә гаӡароу ҳазлацәажәо. Сгәы ишаанаго ла, аӡәы ак иәҳар иҭаххар, хазхааҭалатәи асанкциақәа рыла ашантаж ҳзура иҽазикуеит, аха, дарбанзаалак аӡәы ақырҭуа жәлар дырҿагыланы, авизалиберализациа рзааанкыларала дрықәмақаруеит ҳәа сгәы иаанагом, уи исериозым ҳәа сгәы иаанагоит. Хазхаҭаалатәи асанкциақәа рылацәажәара исериозым, аха, ажәлар ашантаж рзура - 10-нтә иаҳа исериозым, убри аҟынтә исериозу атемақәа ҳрылацәажәар еиҕьуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Мҭавари архи, Давиҭ Кобиӡе - Ҳаҭыр зқәу Иракли, ишышәҳәаз ала, шәара ишәымоу аинформациа инақәыршәаны, анеҩстәи акциақәа раан акциа алахәылацәа рган аҟынтә иҟало амчыларатә фактқәа зегьы, аазакәан инақәыршәаны, ақәҿыҭра ҕәҕәа роуеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа атәылауаа рганахьала иҟарҵоз амчыларатә фактқәа ирызкны сшәазҵаар сҭахуп. Абарҭ афактқәа рзы аусеилыргара иалагахьоума, амчылара ҟазҵаз ауаа макьана изаарҧшыми, аофициалтә структурақәа ари азҵаара иадҳәаланы аофициалтә аҳәамҭа ҟарымҵацт.

Аҧыза-министр - Аоппозициаа ҳреиҧшымкәа, ҳара иҩбоу астандартқәа ҳамам. Шәара ибзиаӡаны ижәбоит ҳоппонентцәа, арадикалтә оппозициааи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи, ртелееилахәырақәеи абри аҩызаҵәҟьа амчыларатә фактқәа ирыдҳәаланы е5снагь иҩбоу астандарт рхы ишадырхәо, лассы-лассы амчылара ргәаҧхоит. Дара амчылара иақәыӡбом, иаҳҳәап, рколлегацәа рзы, ажурналистцәеи адепутатцәеи рзы, иақәыӡбом, уи еиҳангьы, абри аҩыза афактқәа ргәаҧххоит. Ҳоппонентцәа ҳреиҧшымкәа, ҳара аҩбоу астандарт ҳамам, стандартк ауп иҳамоу, ахырхарҭақәа зегьы рыла амчылара ҳақәыӡбоит, амчылара афактқәа зегьы ақәҿыҭра раҳҭоит. Аусеилыргара иадҳәаланы исҳәар сҭахуп, афактқәа зегьы рзы аусеилыргара иалагахьеит, уи аамҭа аҭахуп, шәызынтәгьы лабҿаба ижәбоит аусеилыргара апроцесс аҵыхәанӡа ишнаҳго.

Мҭавари архи, Давиҭ Кобиӡе - Азакәан иадҳәаланы даҽа зҵаарак сымоупҕ. Ишаадыруа еиҧш, атәыла ахада азакәан вето ақәылҵоит, нас, иҵаҵгәырку азгәаҭарақәа ҟалҵоит, убри анеҩс, атәыла анапхгара Венециатәи акомиссиа аихшьаалагьы иазыҧшыр ҟалап. Анапхгара змоу аиҳара Венециатәи акомиссиантә ироуа азгәаҭарақәа иазҧхьагәарҭома?

Аҧыза-министр - шәазынтәгьы иаадыруеит атәыла ахада лара лхаҭа рхатә вето шылымҩуа. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа илзырҩуеит, ма аҳәаанырцәынтә иҩны илзаарышьҭуеит, уи зегьы акоуп. Ҳара Саломе Зурабишвили вето лзызыҩуа асубиектқәа ҳрацәажәароуп, уи ауп ихадоу, ҳара ари азҵаара ҳалацәажәахьеит. Хаҭала, сара, Евроеидгылеи, иара убас, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аҿкаареи рхаҭарнакцәа ари азҵааразы срацәажәахьеит. Иаартны ирасҳәеит дара, ари азакәан иадҳәаланы иҵаҵгәырку, азинтә ашьаҭа змоу азгәаҭарақәа цәырыргар, ҳара адискуссиа ҳшазыхиоу. Аха, дара, иахьанӡагьы, азинтә ашьаҭа змоу аконкреттә азгәаҭаракгьы цәыррымгеит. Уажәы иаамҭоуп, дара аконкреттә азинтә азгәаҭарақәа цәырыргар, ҳәарада, уи рхырхәаҧшуеит, азакәанпроект аҿгьы рызҧхьагәаҭара ҳазыхиоуп.

Формула, Ника Саџьаиа - Атәылауаа ишырҳәо ала, аҳәаанырцәынтә зыхьӡқәа еилкаам ауаа ирзасны, ишакәым ала ирацәҳауеит, ирықәмақаруеит, араагьы аконкреттә хаҿқәа рықәлареи рыпҟареи афактқәа ҳбеит, абарҭ афактқәа хшыҩзышьҭра рзыжәуама, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминситрра абарҭ аус излауа ала ирласны, ишақәнагоу еиҧш реилыргара адышәҵама, реалра абри амчылара еиҿызкаада, арҭ ауаа ахьырхәра роуама?

Аҧыза-министр - Амчтә структурақәа рхаҭарнакцәа абарҭ азҵаарақәа зегьы ирызкны ҳрацәажәеит, амчылара, ақәмақарра уҳәа, афактқәа зегьы ақәҿыҭра роуеит. Абри зегьы оперативла иҟаҵазаауеит , аха, афактқәа рышьақәыргыларазы аамҭа аҭахуп. Иаҳҳәап, ҵыҧх, ақалақь аиҳара рыблит, амчылара афактқәа рацәан. 54 амашьыақеи автобусқәеи иблит, ҵхыбжьон апарламент иақәлеит, аҧхасҭа ду азааргеит, амаҭәарқәа ҧхасҭартәит, аҳәынҭқарра азарал ду аиуит, абри аҩыза амчыларатә фактқәа шырацәазгьы, аӡәызаҵәык даанкылан. Ҳәарада, аусеицура апроцесс ахатә стандартқәа амоуп, Қырҭтәылаҿ европатәи америкатәи астандартқәа роуп иҟоу, убри аҟынтә, афактқәа зегьы рышьақәыргыларазы аамҭа аҭахуп. Аусқәа зегьы оперативла ирыхәаҧшуеит.

Формула, Ника Саџьаиа - Аполицаицәа ааҧхьара анроуа аҭыҧашҟа инеиӡом, уи иахышәҳәаауеи?

Аҧыза-министр - „ТВ Пирвели" иадҳәаланы информациак иҟан, аха, иҵабыргны иуҳәозар, амчылара афакт иҟамызт. Уаҟа изакәытә провокациоу иҟарҵаз сыздырӡом. Нодар Мелаӡе, ишаҧу еиҧш, аспектакльқәа рықәыргылара бзиа ибоит. Аха, уаҟа амчылара ҟамлеит, уи фактуп.

Имеди, Нини Маисураӡе - Акциақәа рылахәылак, Уча Абашиӡеи иҧҳәыси ирызкны апрокуратура иаланарҵәаз авидеонҵамҭа иазкны сшәазҵаар сҭахуп. Абри зегьы иахышәҳәаауеи, аоппозициаа ишырҳәаз ала, аларҵәара зауз авидеонҵамҭа ҧаршеиуп.

Аҧыза-министр - Ухахьы иузаамгаша усуп, „Амилаҭтә ҵысра" мацароуп абри аҩыза ацәгьаура аҟаҵара зылшо, абри аҩыза ацәысра ухахьы иузаагом. Ҳазлацәажәо ацәгьаура, ишиашо, ацәысра иадҳәалоуп. Зыӡбахәы сҳәаз аполитикатә партиа аҟынтәи абри аҩыза ацәысра шәгәалашәоит. Абарҭ ауаа ракәын ҳуааҧсыра рхатә ҧсҭазаара ахьаарҧшыз зқьыла компакт-дискқәа иҵәахны измаз. Ҳазлацәажәо ацәгьаура „Амилаҭтә ҵысра" рзы иҟазшьарбагоу аҟазшьақәа иреиуп. Убри аҟынтә, абри аконкреттә ацәгьаура ҟазҵаз Уча Абашиӡе „Амилаҭтә ҵысра" адгылаҩцәа дахьреиу уамашәа иубаратәы иҟам. Иара акциақәа реиҿкаара апроцесс активла далахәын. Егьирахь, адетальқәа зегьы аусеилыргараан еилкаахоит, аха, сара исымоу аинформациа инақәыршәаны, авидеонҵамҭа убас идууп, уи аҧаршеира изалацәажәом ҳәа сгәы иааанагоит, араҟа, зымҽхак дуу, ухахьы иузаамгаша ацәысроуп иҟоу. Ацәгьаура ахаҭа ҳалацәажәозар, азинхьчаратә структурақәа, иашьашәалоу апҟарала, ацәгьаура шьақәдыргылоит, аха, абри аус ала даҽазнык лабҿаба иубарҭахеит ацәысреи „Амилаҭтә ҵысреи" ак шакәу.

Ауаажәларратә дырраҭара, Кесо Қаҧианиӡе - Ҳаҭыр зқәу Иракли, мышқәак раҧхьа амедиахаҭарнакцәа ирашәҳәеит апартниорцәа шәанырҧылоз дара адискуссиа иазыхиоушәа шәгәы ишабаз. Иара убас, ишышәҳәаз ала, вето апроцедурагьы убри иазкызар ҟалап. Иҟалозар, конкретла иҳашәҳәа уи иаанагои? Иаҳҳәап, азакәанпроект ахьӡ шәыҧсахыр ауама. Аоппозициаа изакәызаалак адиаскуссиа иалацәажәом, дара азакәан аҧыхроуп излацәажәо. Адискуссиа иалахәхәода, конкретла зыҧсахра ҟалои?

Аҧыза-министр - Ҳара аҳәаанырцәтәи апартниорцәа рҟны адискуссиоуп ҳазлацәажәо. Сара Евроеидгылеи, иара убас, Аусеицуреи Ашә1арҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи ахаҭарнакцәа срацәажәеит, дара рҟны адискуссиа ҳазыхиоуп, аоппозициаа ҳрылацәажәозар, рпозицуиа еилкаауп - ҧаса аддискуссиа ишацәшәоз еиҧшҵәҟьа, иахьагьы иацәшәоит. Избанзар, азакәан иадҳәаланы азгәаҭарақәа иҟам, егьзыҟалом. Азакәанла акоуп иазҧхьагаҭоу - иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа шықәсыкахь знык адекларациа цәырыргароуп, араҟа изакәытә азгәаҭарақәоу иҟалар зылшо, схахьы исзаагом. Убри азоуп вето алацәажәарагьы зырҭахым. Ҳара ари азҵаара излауа ала конструктивла ҳазныҟәоит, уи абри аинициативлагьы иубарҭоуп. Аәҳаанырцәтәи ҳҳпартниорцәа раҧхьаӡа акәны адискуссиа ишазыхиоу рҳәеит, уи азыҳәан ҳраҭабууп. Егьирахь, иҟало аабап. Ҳара, ари азҵаара конструктивла ҳазныҟәоит. Аоппозициаа ари азҵаара адеструктивла иазныҟәоит, уи уамашәа иубаратәы иҟам, избанзар, зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект иадҳәаланы изакәызаалак азинтә азгәаҭаракгьы рызцәырыргом.

Ауаажәларратә дырраҭара, Кесо Қаҧианиӡе - Шәара аргумент хадас ишәымои, шәоппонентцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи агәра дшәыргар шәылшап ҳәа шәгәы иаанагома?

Аҧыза-министр - Аргумент хадас иҟоу абри ауп - ари азакәан бзиоуп. Аӡәы даҽа аргументк имазар, иҳәааит, аха, ари азакәанла акоуп иазҧхьагәаҭоу - иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа шықәсыкахь знык рхатә декларациақәа цәырыргароуп. Егьирахь зегьы атехникатә нормақәа ирыдҳәалоуп, Аиустициа аминистрра ауранагӡареи, анеҩс, асанкциақәеи. Асанкциа - арегулиациа иамоу атехникатә аццатә ауп. Араҟа регулиациа заҵәык ауп иҟоу, шықәсыкахь знык адекларациа цәырыргароуп, уи аартызаара аминималтә стандартуп. Уи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа зегьы инарыгӡаша аминималтә европатәи стандартуп. Убри аҟынтә, абри азакәан иадҳәаланы, иарбанзаалак азинтә азгәаҭарак рызцәырыргом, убри амшалоуп аоппозициаа ари азҵаара деструктивла изазныҟәо.

Формула, Ника Саџьаиа - Шәара атәым мчқәеи аҳәаанырцәынтә анапхгара ззыруа апроцессқәеи шәрылацәажәоит. Иара убас, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аглобалтә аибашьратә партиа ҳәа ишәҳәо ҳаҳауеит. Урҭ изусҭцәада, иарбан тәылоу шәызлацәажәо, иарбан политикцәоу, конкретла шәызлацәажәода, Қырҭтәыла аҕас ишәыҧхьаӡода?

Аҧыза-министр - Иаартны ишәасҳәоит, араҟа атәыла акәӡам ҳазлацәажәо. Евроеидгылеи Америкеи ракәӡам ҳазлацәажәо, Евроеидгылагьы абарҭ амчқәа рымшала азарал ду аиуеит. 16 шықәса раҧхьа Евроеидгыла аекономика 16,3 триллион иҟан, уажәы 17,3 триллион иҟоуп, насгьы, аинфлиациа афонаҿ. 16 шықәса рыла Евроеидгыла аекономика каҳаит, ҧаса, 5-6 шықәса рыла, иҩбоу азҳара рыман, - 7 триллион аҟынтә 16 триллион аҟынӡа ишьҭыҵит, убри анеҩс, ари арбага аҽымҧсахит, ишыҟаз еиҧш иаанхеит. Аноминалтә економика триллион заҵәык мацарала иазҳаит, ари арбага аинфлиациа аҵухыр - реалра аекономика иаҳа икаҳаит. Убри аҟынтә, Евроеидгылагьы абарҭ амчқәа рымшала азарал ду аиуит, - абарҭ амчқәа зусҭцәақәоу здыруа рацәоуп. Ҳара иаҳзыҳәом, ари азҵаара аргама ҳзалацәажәом, уи ҳмилаҭтә интересқәа ирҧырхагахар ауеит. Убри аҟынтә, ҳмилаҭтә шәарҭадара ашәарҭара иҭаҳаргылом, аха, иаартны ишәасҳәар сылшоит аконкреттә мчқәа ҳашрылацәажәо.