Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европеи Азиеи рызҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьим О'Браиен диҧылеит Print Version

2024-05-14

Акыраамҭа инагӡоз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа ирыҵанакәа азҵаарақәа зегьы ирылацәажәеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәагьы уахь инрылаҵаны. Аиҳабыра рнапхгаҩи Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩи арҭ апроцессқәа ирызкны ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Иракли Кобахиӡе Џьим О'Браиен аилыркаарақәа изыҟаиҵеит „Атәым анырра аартызаара иазку" азакәан адкылара ахымҧадара иазкны. Иара ишиҳәаз ала, анапхгаратә гәыҧ, вето апроцедура аҳәаақәа ирҭагӡаны, жәларбжьаратәи апартниорцәа рзинтә азгәаҭарақәа зегьы хшыҩзышьҭрала рыхәаҧшра иазыхиоуп.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла анапхгара Америкаҟны апартниорра арҕәҕәара иазҿлымҳауп, уи азыҳәан аҩ-ганк рҽазышәареи ииашоу аизыҟазаашьақәеи аҭахуп.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура